Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниеи "Газпром промгаз" ахаҭарнакцәеи Аԥсны газла аиқәыршәара иалацәажәеит

© Foto / Пресс-служба Президента АбхазииСостоялась встреча Президента Абхазии Аслана Бжания с делегацией АО "Газпром промгаз".
Состоялась встреча Президента Абхазии Аслана Бжания с делегацией АО Газпром промгаз. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекономика аминистрреи АЕ "Газпром промгази" рыбжьара аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны атәыла газла аиқәыршәара асхема аус адулара шықәсык аамҭа азоужьын.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи "Газпром промгаз" ахаҭарнакцәеи Аԥсны газла аиқәыршәара иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Аиԥылараан ахада идыргалеит Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада.
"Аус ду мҩаԥгоуп. Ҳара ишьақәҳаргылароуп ԥхьаҟатәи ҳаинырразы ҳшьаҿақәа рымҩаԥгараз аӡбрақәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Апроект аус адулан 2021 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы Аԥсны аекономика аминистрреи АЕ "Газпром промгази" рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны.
Иара убасҟан газла аиқәыршәараз апроект иазԥхьагәанаҭо аҿҳәарақәа ҳәаақәызҵо амҩатә хсаалагьы напаҵаҩын. Асхема аус адуларазы ауснагӡатәқәа аԥара рзоужьхоит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограммала.
Ажәабжьқәа зегьы
0