Аԥсны

Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылараз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иалхуп апроектқәа

Иаамҭакьаҿу аусбарҭатә хықәкытә программа "2022 шықәсазы Аԥсны абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылара" шьақәырӷәӷәан 2022 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны Аиҳабыра рықәҵарала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит "Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылараз апрограмма -2022" апроектқәа ралхразы Аусбарҭабжьаратә комиссиа аилатәара.
Аекономика аминистрра, Афинансқәа рминистрра, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра, Аминистрцәа реилазаара аппарат, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура, ахада Иусбарҭа, Апарламент злахәу акомиссиа 59 зыҳәа ҭҵааны 43 алырхит.
"Акомиссиа апроектқәа алнахуеит, нас анаплакҩи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит. Иҟоуп апроектқәа еиҳа акомиссиа азхьаԥшра зҭаху. Апроектқәа аԥара рзоурыжьуеит анаплакыҩцәа адокументқәа зегьы еиқәдыршәазар, агәаҭарақәа рышьҭахь урҭ рҿы иарбоу зегьы шьақәырӷәӷәазар", - ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аинвестициатә маҵзура аиҳабы Илона Лакрԥҳа.
Апрограмма алахәхаразы абизнесуаа ишьақәдырӷәӷәароуп ахаланаплакҩы истатус шрымоу, апроект ахьымҩаԥыргои ишымҩаԥыргои рзы адыррақәа аздырхиароуп. Уи адагьы, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥара ззоурыжьуа ахархәагақәа раахәароуп.
"Атехника-економикатә ҵаҵӷәы ахархәагақәа раахәараз ацхыраара иазырхазар, ацхыраара ҟарҵоит. Аргыларатә усурақәа рзы, аӡеи ахархәаратә еикәыршарақәеи рзы аԥара шәахаӡом", - лҳәеит Лакрԥҳа.
Аԥсны
Озган абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылараз апрограмма ахырхарҭа хадақәа дрылацәажәеит
Лара илҳәеит азыҳәаҿ иарбоу миллионбжак еиҳазар, аҳәынҭқарратә ԥаразоужьра 50% итәоит ҳәа, азыҳәаҿ иарбоу миллионбжак еиҵазар – 80%, иаанхо 20% анаплакҩы ихахьы игоит. 200 000 мааҭ аркәзар иарбоу, аҳәынҭқарра 95% ашәоит.
Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рсубиектқәа рекономика ашьҭыхра, ааглыхратә база аиӷьтәра, аиндаҭлаҩцәа рыҟазаара зхықәку апрограмма ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахоит.
Иаамҭакьаҿу аусбарҭатә хықәкытә программа "2022 шықәсазы Аԥсны абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылара" аус адулан 2021 шықәса ԥхынҷкәын 22 азтәи Аԥсны ахада иусԥҟа "Аҳәынҭқарратә программа "2022-2025 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ашьақәырӷәӷәараз" ашьаҭала, абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыҿиареи рыдгылареи ирзырхоу аҳәынҭқарратә политика ахықәкала.
Аԥсны
Афинансқәа рминистр абиуџьет аҟынтә аныхрақәа рзы абжьаратә ҳасабырба ҟаиҵеит