Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Озган абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылараз апрограмма ахырхарҭа хадақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКристина Озган
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Анапаҵаҩра
Иаамҭакьаҿу аусбарҭатә хықәкытә программа "2022 шықәсазы Аԥсны абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылара" шьақәырӷәӷәан 2022 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны Аиҳабыра рықәҵарала.
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Апрограмма "2022 шықәсазы Аԥсны абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылара" ахырхарҭа хадақәа: анапҟазара, жәлар рааглыхра, атуризм, ауаажәларратә крыфарачара, аусеиҭадуларатә ааглыхра ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган.
Лара лажәақәа рыла апрограмма 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аус ауеит, иазԥхьагәанаҭоит 50 миллион мааҭ азоушьҭра ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Апрограмма ахықәкы – абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рсубиектқәа рекономика ашьҭыхра, ааглыхратә база аиӷьтәра, аиндаҭлаҩцәа рыҟазаара.
Апрограмма алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит жьҭаара 20 рҟынӡа.
Озган иазгәалҭеит ишеиҿкаау аусбарҭабжьаратә комиссиа, уаҟа иалахәуп Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра раппарат ахаҭарнакцәа, ахада Иусбарҭа, Афинансқәа рминистрра, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра, Амилаҭтә банк русзуҩцәа. Апрограмма алахәхаразы аҭаххарақәеи аԥҟарақәеи рзы аинформациа Аекономика аминистрра асаит аҿы иарбоуп ҳәа лҳәеит аминистр.
"Аҳәынҭқарратә дгылара заурц зҭаху апрограмма алахәхаразы рзыҳәақәа ҳадаҳкылоит. Азыҳәақәа реизакра ашьҭахь акомиссиа аӡбрақәа рыдыркылоит", - ҳәа лҳәеит Озган.
Озган лажәақәа рыла апроект алырхыр анаплакҩы аиқәшаҳаҭра инапы аҵеиҩуеит аҳәынҭцхыраара шиоуа азы. Уи нахыс апрограмма анагӡашьа ахылаԥшра арҭалоит.
Кабинет Министров Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Аԥсны
Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылараз апрограмма рыдыркылеит Аминистрцәа Реилазаараҿы
"Анаплакытә ргыларақәа аус руеит, ҳазлацәажәо ааглыхратә лшарақәа реизырҳароуп. Аус зуа аиҿкаарақәа, ашәахтә ҭоурых цқьа змоу, анхамҩатә ҭоурых змоу аус рыцура еснагь иманшәалоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Аминистр илҳәеит анаплакыҩцәа ацхыраара рыҭахар аҭакԥхықәра роуроуп – азыҳәаҿ иарбоу ахықәкқәа мацара аԥарақәа шрыздырхо азы.
Озган лажәақәа рыла, иаамҭакьаҿу апрограмма 2022 шықәсазы иаанарԥшуеит иазԥхьагәаҭази иазԥхьагәаҭамызи, 2023 шықәсазтәи апрограммаҿ ишарбатәхо.
Ажәабжьқәа зегьы
0