Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афинансқәа рминистр абиуџьет аҟынтә аныхрақәа рзы абжьаратә ҳасабырба ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сессия в парламента Республики Абхазия
Сессия в парламента Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2022
Анапаҵаҩра
Аҳасабырбаҿ иарбоу ауснагӡатәқәа зегьы ареспубликатә биуџьет аҟынтә аԥарақәа рхыршәаауеит.
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба аԥыза-министр Александр Анқәаб иҿаԥхьа аремонт-еиҭашьақәыргыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥысшьазы абжьаратә ҳасабырба ҟаиҵеит, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Владимир Делба иажәақәа рыла аԥара рацәа рзоужьын агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи. Иаку аматериалтә цхыраара рыҭан 1138-ҩык атәылауаа, уи 74,5 миллион мааҭ иартәеит.
327-ҩык рыхәшәтәра иазоужьын 86,8 миллион мааҭ, 37 миллион мааҭ азоужьын аҷаҷачымазара змоу ачымазцәа рыхәшәтәразы. Ахатә биуџьет аҟынтә ахәшәқәеи амедхархәагақәеи - 98,7 миллион мааҭ рыхәа аахәан.
Делба иҳәеит аԥснытәи астудентцәа 153-ҩык урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы рҵараҵара иахшәаан 28,6 миллион мааҭ.
Арезервтә фонд аҟынтәи 39 хыбра реиҭашьақәыргыларазы 85 миллион мааҭ азоужьын.
В кабмине обсуждали ход строительных работ за счет республиканского бюджета  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥара ззоужьу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит
Делба иажәақәа рыла аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра иазынашьҭын 225 миллион мааҭ, 145 урҭ рҟынтәи атәылауаа рыԥхасҭа иахшәаан, 80 миллион мааҭ – аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Иара убасгьы иҳәеит аминистрра шазыхио Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра. Ацхыраара роуеит 116-ҩык. Уи иазоужьхоит 11 миллион мааҭ.
Делба иҳәеит уажәазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо 18 ҩны рҿи, Аҟәеи, Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәа рҟны 6 ҵаратә усҳәарҭак рҿи. Аремонт иазоужьуп 45,6 миллион мааҭ.
Дерево перекрыло проезжую часть в районе Киндги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Аԥсны
Очамчыра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз акомиссиа 150 рзаҳал рыдыркылеит
217 миллион мааҭ рыхә аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит 73 социал-культуратә хыбрақәа рҿы.
Афинансқәа рминистр аԥаразоужьра ззухо аусурақәа еиқәиԥхьаӡеит:
Ҷлоу ақыҭа акультура Ахан ахыбра аԥсахра - 9 миллион мааҭ;
Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан ацҳа аиҭашьақәыргылара - 8,5 миллион мааҭ;
Очамчыра араион Лабра ақыҭан ацҳа аиҭашьақәыргылара - 5,8 миллион мааҭ;
Очамчыра араион Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рҿы аӡышьҭрақәа ррыцқьара - 15,6 миллион мааҭ;
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан аӡышьҭра арыцқьара - 5,3 миллион мааҭ.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны афинансқәа рминистр 2023 шықәсазтәи абиуџьет алагалақәеи аныхрақәеи дрылацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0