Аԥсны

Аԥсны апарламентарицәа афымцалашара ахә ашьҭыхра аморатори рыдыркылеит

Апроект аԥшьгаҩцәа ргәаанагарала, 2022 шықәса рзы алашара ахә ашьҭыхра иабзоураны аизгарақәа ирыцымлеит, ишьақәдыргылахьоу аԥхьаӡагақәагьы азхом.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа "Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра аморатори ақәҵараз" азакәан апроект.
Аилыркаага излаҳәо ала, азакәан адкылара аҭахуп анаҩстәи амзызқәа ирыхҟьаны:
2022 шықәса ԥхынгәымзазы афымцалашара ахәԥса аәьҭыхра иабзоураны аизгарақәа рхыԥхьаӡара иацымлаӡеит, процентла иугозар;
Афымцамч аныхрақәа ҭазыҩуа аԥхьаӡаратә система ахьыҟам иахҟьаны уи ахәшәара зықәшәо аԥхьаӡагақәа ззықәгылоу ахархәаҩцәа роуп;
Афымцамч ахәԥса ашьҭыхра иалнамыршаӡеит уи ахаҭабзиара ашьҭыхра.
Аԥсны
Занҭариа иҳәеит Аԥсны алашараз атарифқәа рышьҭыхра залымшо