Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Занҭариа иҳәеит Аԥсны алашараз атарифқәа рышьҭыхра залымшо

© Sputnik / Томас Тхайцук Резо Зантария
Резо Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2022
Анапаҵаҩра
Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Апарламент аилак "Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра аморатори ақәҵараз" азакәан апроект иалацәажәеит ԥхынҷкәын 12 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Ахархәаҩцәа рзы афымцамч ахархәараз атарифқәа рышьҭыхра хымԥада Аԥсны аенергосистема амҩатә хсаалага ианаамҭоу анагӡара иашьашәаланы иҟазароуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилак аиҳабы, адепутат Резо Занҭариа.
Апарламент апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, азакәан апроект аԥшьгаҩцәа ажәалагала ҟарҵеит ареспубликаҿ ахархәаҩцәа зегьы рзы афымцамчхархәара атарифқәа аморатори рықәҵазарц.
Иара убасгьы ажәалагала ҟаҵан ахәшәаҩцәа ркатегориақәа ирыхьмырԥшкәа атариф 2022 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы иҟаз аҭагылазаашьала иҟазаарц. Занҭариа иажәақәа рыла, амҩатә хсаалага ҭҵааны адепутатцәа азкылсит иарбоу апланқәа рынагӡара аҿҳәарақәа шеиқәымшәо.

"Сынтәа иқәыргылатәны иҟан аҭаҩгатә хархәагақәа 20 000, иқәыргылоуп акыр еиҵаны. Ахархәагақәа рыҟамзаара азҵаара цәырнагоит: иацҵатәума ахәԥҵәа, иахьа еилкаамзар уи аԥареизгараз ихәарҭахо ихәарҭамхо, алҵшәақәа еиӷьхо еӷьымхо, ахәԥсашьҭыхра хра аиуа иаимоуа? " - ҳәа иҳәеит иара.

Занҭариа иҳәеит адепутатцәа макьаназ аӡбара шрыдрымкылац, аха ари азҵаара Апарламент аилатәара амшхәаԥштә ахь икылыргарц ргәы ишҭоу.
Ԥхынгәы 8 рзы аилацәажәараҿы афымцамч азы атарифқәа економикала ишьаҭаркны рыҟаҵаразы амҩатә хсаалага азырхиан, иазгәаҭан иԥсаххарц Аԥсны аенергетика аусхк аҟны азакәанԥҵара. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристины Озган илҳәеит "Амҩатә хсаалага" анагӡара урыстәылатәи аԥаразоужьраз ихымԥадатәиу зыҳәаны иҟан ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0