Аԥсны

Барцыц Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара Аԥсны ишаныԥшуа ахәшьара аиҭеит

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц Минск имҩаԥысуаз аусутә форум "Ливадия-2022" далахәын. Афорум аҿы ирылацәажәон ауаажәларратә ԥсҭазаара аиҿкаараеи анапхгараҭареи ртемақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқарра алаларазы "активла аҽазышәара аҭахәуп", избанзар, уи иалнаршоит ҳтәыла иамоу алшарақәа Урыстәылеи Беларуси ирыдҵаны аҽырӷәӷәара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.
"Актуалра аҵоуп афорум аҿы (аусутә форум "Ливадия-2022" - аред) ихшыҩҵак хаданы иахьыҟаз амчқәеи алшарақәеи реидҵара атема. Ҳара уажәы иаку мҩакы ҳақәуп, ҳекономикатә, ҳинтеллектуалтә, ҳполитикатә лшарақәагь еидҵазар хра роуеит. Сгәанала, иахьазы Аԥсни Беларуси рыбжьара ихацыркхаз аекономикатә еиныррақәа ԥхьаҟатәи инарҭбаау аполитикатәи адипломатиатәи аспектқәа рҵаҵӷәқәа шьақәнаргылоит",- иҳәеит иара.
Беларуси Урыстәылеи реидгыла иаанарԥшуеит аҳәынҭқарра асуверинитет ацәымӡуа аԥыжәарақәа аиур шалшо ҳәа иҳәеит Барцыц.
Иара убасгьы Барцыц иазгәеиҭеит афорум аԥснытәи аделегациа алахәхара шалшаз ааигәа беларуссиатәи ахада Александр Лукашенко Аԥсныҟа инеира.
Аԥсны
Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофицалла Аԥсны даҭааит
Барцыц иҳәеит Аидгылатә ҳәынҭқарра ашәарҭадара азнеишьа ҿыцқәа иахьрылацәажәоз афорум апленартә еилатәара аартраҿ дшықәгылаз, Аԥсни Беларуси рекономикатә еинырра алацәажәара шалыршаз афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Аиҳарак ирзааҭгылеит аекономикатәии ахәаахәҭратәии еизыҟазаашьақәа. Беларусиа иамоу ааглыхратәи агроааглыхратәии лшарақәа аԥснытәи аекономика иадыргалаша рацәоуп", - иҳәеит иара.
Барцыц иажәақәа рыла, Беларуссиа ибзианы ирдыруеит аԥснытәи атауарқәа "ахаҭабзиара шыҳараку", "ишыцқьоу", ирдыруеит аԥсуа цитрусқәеи аԥсуа рыжәтәи закәу. Барцыц иҳәеит Аҟәеи Мински Ахәаахәҭра-ааглыхратә ҩнқәа раартра аидеиа дшалацәажәаз, уи гәахәарыла ишрыдыркылаз.
Аԥсны
Бжьаниа еиҭеиҳәеит Аԥсни Белоруссиеи ганрацәала реизыҟазаашьақәа аҿиарахьы ианиасуа
"Сгәы иаанагоит аныҳәақәа рышьҭахь ари аус алацәажәара ҳалагап ҳәа, азинтә база аус адуланы азҵаара атехникатә ӡбара ҳазхәыцып ҳәа", - иҳәеит иара.
Барцыц иажәақәа рыла, афорум алахәылацәа аинтерес аадырԥшит Аԥсны иамоу атуристтәи абальнеологиатәи лшарақәа рганахь.
"Ҳара иаҳҳәеит аплиажтә ԥсшьара адагьы ашколхәыҷқәа Аԥсныҟа раарагьы алыршахар шауа. Ҳтәылақәа рыбжьара атуристтә усеицура алшарақәеи аԥеиԥшқәеи шамоу хымԥадан иҟоуп", - иҳәеит иара.
Арадио
Ашәба: Белоруссиеи, Урыстәылеи, Аԥсни адгылара ҳаур, ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит