https://sputnik-abkhazia.info/20221002/ashba-belorussiei-urystylei-asni-adgylara-aur-ynarra-eiarkhoit--1041792375.html
Ашәба: Белоруссиеи, Урыстәылеи, Аԥсни адгылара ҳаур, ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит
Ашәба: Белоруссиеи, Урыстәылеи, Аԥсни адгылара ҳаур, ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизара ԥасатәи аиҳабы Нугзар Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы Белоруссиеи Аԥсни реимадара шьақәзыргыло ахҭысқәа ртәы игәалаиршәеит, Лукашенко... 02.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-02T18:30+0300
2022-10-02T18:30+0300
2022-10-02T18:30+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1d/1041792219_32:170:1249:854_1920x0_80_0_0_c7564c152cd6bb32b77d743841aa1f56.jpg
Ашәба: Беларуссиеи, Урыстәылеи, Аԥсныи адгылара ҳаур, ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит
Sputnik Аҧсны
Ашәба: Беларуссиеи, Урыстәылеи, Аԥсныи адгылара ҳаур, ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит
Аԥсны ахада иԥылараан Белоруссиа ахада иҳәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы аусура ахацыркра гәҭакыс ишимоу. Александр Лукашенко иҳәеит Аԥсныҟа иаара Урыстәыла ахадеи иареи реицәажәара ишалҵшәоу, адунеитә ҭагылазаашьа ишадҳәалам.Ҳара ҳзы Белоруссиеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа хаҭала иалкааны исыргылоит, избанзар ҳара ҳәынҭқарра дук аҿы ҳаицынхон, иаҳзеиԥшқәоу даара ирацәаны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ашәба."Иара Белоруссиа ҳазҿыԥшыша рацәоуп, ахәынҭқарра аргылараҿы аума, ҳусушьа аума. Урыстәыла ҳаназханаҵа ашьҭахь аханатә Белоруссиеи ҳареи аиҿцаарақәа ҳаман. 2010 шықәса рзы Белоруссиа Апарламент ахаҭарнакцәа аарышьҭит Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни. Мчыбжьык ара иҟан, Аԥсны ахи аҵыхәеи иахысит, игәарҭеит ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳхы шымҩааԥааго. Убасҟан алкаа ҟарҵеит Аԥсны иазхауҵартә иҟоу ҳәынҭқаррак иаҩызоуп ҳәа, уи ус шакәу атәы здыруеит. Усҟан аиԥыларақәа рацәаны иҳаман. Агәра ганы ҳаҟан ҳазхарҵап ҳәа, аха ус еиԥш иахьа уажәраанӡа иҟамлацт", - ҳәа иҳәеит Ашәба.Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ иҳәеит игәаанагара аҳәынҭқаррақәа еидызкылаша иаку хеилакк аԥҵаразы."Ҳара ҳҭагылазаашьа зынӡагьы иманшәалаӡам. Ҟрымтәи ахҭысқәа аныҟала ашьҭахь Урыстәыла ахаҭарнакцәа иаауаз иҳазҵаауан, уа имҩаԥысуа апроцессқәа ҳашрыхәаԥшуа атәы. Уажәы Украина иҭадырцәыз аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысыз ареферендум ашьҭахьгьы ус зҳәашагьы дҟалоит, аха убри ҟамларцаз, Урыстәылеи, ҳареи, Белоруссиеи аидгылара ҳасабла ҳҟалар, ҳара ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит", – иҳәеит Ашәба.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1d/1041792219_217:147:1160:854_1920x0_80_0_0_429712f26f08fd98dbb84e22e25424df.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ашәба: Белоруссиеи, Урыстәылеи, Аԥсни адгылара ҳаур, ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит
Аԥсны Жәлар Реизара ԥасатәи аиҳабы Нугзар Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы Белоруссиеи Аԥсни реимадара шьақәзыргыло ахҭысқәа ртәы игәалаиршәеит, Лукашенко ҳтәылахь иаара ахҭыс ахҳәаа аиҭеит.
Аԥсны ахада иԥылараан Белоруссиа ахада иҳәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы аусура ахацыркра гәҭакыс ишимоу. Александр Лукашенко иҳәеит Аԥсныҟа иаара Урыстәыла ахадеи иареи реицәажәара ишалҵшәоу, адунеитә ҭагылазаашьа ишадҳәалам.
Ҳара ҳзы Белоруссиеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа хаҭала иалкааны исыргылоит, избанзар ҳара ҳәынҭқарра дук аҿы ҳаицынхон, иаҳзеиԥшқәоу даара ирацәаны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ашәба.
"Иара Белоруссиа ҳазҿыԥшыша рацәоуп, ахәынҭқарра аргылараҿы аума, ҳусушьа аума. Урыстәыла ҳаназханаҵа ашьҭахь аханатә Белоруссиеи ҳареи аиҿцаарақәа ҳаман. 2010 шықәса рзы Белоруссиа Апарламент ахаҭарнакцәа аарышьҭит Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни. Мчыбжьык ара иҟан, Аԥсны ахи аҵыхәеи иахысит, игәарҭеит ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳхы шымҩааԥааго. Убасҟан алкаа ҟарҵеит Аԥсны иазхауҵартә иҟоу ҳәынҭқаррак иаҩызоуп ҳәа, уи ус шакәу атәы здыруеит. Усҟан аиԥыларақәа рацәаны иҳаман. Агәра ганы ҳаҟан ҳазхарҵап ҳәа, аха ус еиԥш иахьа уажәраанӡа иҟамлацт", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ иҳәеит игәаанагара аҳәынҭқаррақәа еидызкылаша иаку хеилакк аԥҵаразы.
"Ҳара ҳҭагылазаашьа зынӡагьы иманшәалаӡам. Ҟрымтәи ахҭысқәа аныҟала ашьҭахь Урыстәыла ахаҭарнакцәа иаауаз иҳазҵаауан, уа имҩаԥысуа апроцессқәа ҳашрыхәаԥшуа атәы. Уажәы Украина иҭадырцәыз аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысыз ареферендум ашьҭахьгьы ус зҳәашагьы дҟалоит, аха убри ҟамларцаз, Урыстәылеи, ҳареи, Белоруссиеи аидгылара ҳасабла ҳҟалар, ҳара ҳҳәынҭқарра еиқәҳархоит", – иҳәеит Ашәба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.