Аԥсны

Аԥсны афымцалашараз аамҭалатәи аԥкрақәа аларгалоит

Авольтцәаҳәаҳарак "Ԥсоу-220" иамоу ахьанҭара иахҟьоит аԥкрақәа ралагалара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны афымцалашараз аамҭалатәи аԥкрақәа алагалахоит аенергиаусхк аҟны амашәыр еиԥҟьара ҟамларцаз ҳәа аанацҳуеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Алашара дырцәалоит аихшанҵада.
"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Зураб Багаԥшь ԥхынҷкәын 27 рзы адырра ҟаиҵеит Аԥсны афымцамч аиуразы аԥкрақәа зегьы шаԥыху.
Багаԥшь излеиҳәаз ала, Урыстәылантәи иҳауз алимит иалнаршеит маҷк афымцалашара аиқәырхара, уи иабзоураны алашара ԥкрада ахархәаҩцәа рыҭара рзалҵит.
Анаҩс, машәырк мамзар ақәыӷәӷәара ахьыҳаракхо иахьҟаны акәымзар алашара дырцәаӡом иҳәеит иара.