Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа украинатәи ар рџьаԥҳаныҵәахырҭақәа ҩба ԥыржәеит

Арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп: аҳаирпланқәа 370, авертолиотқәа 200, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 2866, азенит-ракетаттә комплексқәа 400, атанкқәеи егьырҭ акәылӡымашьынақәеи 7465.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Урыстәылатәи артиллериеи авиациеи ДЖәР-и Запорожтәи аобласти рыҟны украинатәи ар рракета-артиллериатә џьаԥҳаныҵәахырҭақәа ҩба ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"ДЖәР Константиновка аиланхарҭеи Запорожтәи аоблост ақалақь Орехови иҟоу 108 архәҭеи украинатәи ар рракета-артиллериатә џьаԥҳаныҵәахырҭақәа ҩбеи ҭадырхеит урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациеи, артиллериеи аракетатә архәҭеи", - ҳәа аҳәоит урыстәылатәи арратә усбарҭа адырраҭараҿы.
Иара убасгьы иазгәаҭоуп ааха шрыҭоу украинатәи архәҭақәа рыҟны аруааи арратә техникеи.
Шоигу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахыдҵа хада атәы иҳәеит