Шоигу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахыдҵа хада атәы иҳәеит

© Foto / Минобороны РоссииСергей Шойгу, министр обороны России
Сергей Шойгу, министр обороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахыдҵа хада - хаҭабзиара ҳаракыла Арбџьармчқәа рырҿыцра ауп ҳәа иҳәеит Шоигу Урыстәыла Арбџьармчқәа реилазаара рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз аилатәараҟны.
Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит, аусбарҭа иаарласны арратә комиссариатқәа русура арҿыцра, адыррақәа рбаза ацифрахь аиагара, аҭыԥантәии арегионтә еиҳабыреи русеицура аиҿкаара агәы ишҭоу.
Президент РФ В. Путин провел заседание Военно-промышленной комиссии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны урыстәылатәи архәҭақәа гәеиҭеит
Атәылахьчара аминистрра гәҭакыс иамоуп 2023 шықәсазы урыстәылатәи ар ҳаамҭазтәи абџьарла аиқәыршәара.
Аамҭакьаҿла урыстәылатәи аррамаҵзурауаа зыҩаӡара ҳараку бџьарлеи бџьармаҭәалеи еиқәыршәатәуп ҳәа иҳәеит Шоигу.
"Ихадоуп аамҭа кьаҿк иалагӡаны зыҩаӡара ҳараку бџьарлеи бџьармаҭәалеи аррамаҵзурауаа реиқәыршәара. Аибашьҩы иқәнагоу зегьы, иахьатәи аамҭа иақәшәо, иманшәаланы уақәгәыӷратә иҟазароуп", - ҳәа иҳәеит аминистр аиԥылараҿы.
2023 шықәсазы арратә комиссариатқәа русура рҿыцтәуп.
Урыстәыла астратегиатә аиадертә мчқәа еизнарҳауеит, уи асуверенитет азы ихадоу хәдықәҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0