Аԥсны

Ажьырныҳәа 12 инаркны Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагоит

Афымцалашара ахархәара ахьаҳаракхаз иахҟьаны иааизакны адефицит 165 миллионо кВт•с артәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аԥшьаша ажьырныҳәа 12 инаркны Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Аԥкрақәа алагалоуп атәылаҟны афымцалашара ахархәара ахьаҳараку иахҟьаны адефицит ахьеизҳауа азы.
"2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны хәажәкыра 31-нӡа Урыстәылатәи Афедерациахь 715 миллионо кВт•с афымцалашара аиураз Аԥсны азыҳәа иҟанаҵаз аҟынтәи Урыстәыла 600 миллион кВт•с роуп иаанашьҭуа. 115 миллион кВт•с адефицит артәоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы иазгәаҭоуп ЕгрыГЕС алашара 300 миллион кВт•с ныхуп иазгәаҭаз 250 миллион кВт•с аҭыԥан, араҟагьы 50 миллион кВт•с адефицит артәоит.
Абри ала "Амшынеиқәафымцамч" иаанацҳауеит иааизакны адефицит 165 миллионо кВт•с артәеит ҳәа, убри аҟнытә уахыки-ҽнаки ԥшь-сааҭк алашара дырцәалоит.