Ҳхеилак анапы иану аԥсабара ахылаԥшра, ауаҩы ихҟьаны аԥсабара иаҭоу аԥырхага аԥхьырҟәаара ауп ҳәа азгәаиҭеит Ҷыҭанаа аиҿцәажәараҿы.
Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы еиҭеиҳәеит, аусбарҭа аусура шеиҿкаау, иарбан хырхарҭақәоу иалкаау. Убри аан дазааҭгылеит ахылаԥшратә маҵзура аусура атәы.
"Аԥсыӡкра иалагеит ианаамҭаз. Ахылапшцәа аурыс ҳәаахьчаҩцәеи дареи аус еицыруеит. Иҟоуп аҭыԥқәа аԥсыӡкра ахьыҟамло, аха аилагарақәа ыҟоуп. Ахараԥса маҷуп азы аԥҟара аилагара иацәшәаӡом. Иҳараҳкит арбагақәа, аха макьана апроект рыдрымкылацт", - ҳәа азгәаиҭеит Ҷыҭанаа.
Савели Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит аԥсаӡқәа рганахьалагьы иҟаз аилагарақәа ртәы, иҳәеит ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа зеиԥшроу. Иара убасгьы далацәажәеит абнатә ԥстәқәа атуризм аҿы рхархәара. Уи аганахьала ахылаԥшцәа русура шымчыдоу.
Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы абнақәа рбылра иахҟьаны аԥсабара иаҭаз ааха атәы иҳәеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.