АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵаҟа Аԥсны аимҳәаду змоу рхыԥхьаӡара иагхеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аимҳәадуҿагыларатә диспансер аиҳабы Џьумбер Гоԥиа.
Иахьазы адиспансер аҿы 25-ҩык ачымазҩцәа шьҭоуп. Жәашықәса раԥхьа амедусҳәарҭаҿ аамҭак ала 90-ҩык рҟынӡа шьҭан.
Гоԥиа иажәақәа рыла, ачымазҩцәа адиспансер аҿы рыхәшәтәра ашьҭахь ахәшәтә терапиа роуеит. Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус руеит амбулатортә ҭыԥқәа. Уа ачымазцәа аҳәынҭқарратә программаҿ ишарбоу ала ахәшәқәа роуеит.
2023 шықәсазтәи апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтә. Иазоужьуп 7 миллион мааҭ. Апрограмма иамҽханакуеит аепидемиологиеи аимҳәаду аарԥшра астатистикеи, ачымазара азԥхьагәаҭареи адиагностикеи рызҵаарақәа, акомпиутертә технологиақәа ахрархәареи ауааԥсыра рыбжьара арккаратә усурақәа рымҩаԥгареи.
Апрограмма иалнаршоит 70% рҟынӡа аимҳәаду шьҭызкааз рышьақәыргылара, 80% рҟынӡа аимҳәаду змоу ауаа агәаҭарала ралакра, зчымазара гәыгәҭажьу раарԥшра, 85% рҟынӡа ичмазаҩу рыхәшәтәра алыршара, ачымазара 20% аларҟәра.