https://sputnik-abkhazia.info/20230120/aykhtanti-azhashysa-rynuaa-aimadu-zmou-rkhykhaara-iagkheit--1043705819.html
Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵаҟа аимҳәаду змоу рхыԥхьаӡара иагхеит
Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵаҟа аимҳәаду змоу рхыԥхьаӡара иагхеит
Sputnik Аҧсны
2023 шықәсазы аиҳабыра рхықәкытә программа инақәыршәаны ари аус иазоужьуп 7 миллион мааҭ аԥара. 20.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-20T16:17+0300
2023-01-20T16:17+0300
2023-01-20T16:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/03/1030675652_0:113:3073:1841_1920x0_80_0_0_0d84b0b7f1e17cbf8215d667ae797300.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵаҟа Аԥсны аимҳәаду змоу рхыԥхьаӡара иагхеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аимҳәадуҿагыларатә диспансер аиҳабы Џьумбер Гоԥиа. Гоԥиа иажәақәа рыла, ачымазҩцәа адиспансер аҿы рыхәшәтәра ашьҭахь ахәшәтә терапиа роуеит. Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус руеит амбулатортә ҭыԥқәа. Уа ачымазцәа аҳәынҭқарратә программаҿ ишарбоу ала ахәшәқәа роуеит. 2023 шықәсазтәи апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтә. Иазоужьуп 7 миллион мааҭ. Апрограмма иамҽханакуеит аепидемиологиеи аимҳәаду аарԥшра астатистикеи, ачымазара азԥхьагәаҭареи адиагностикеи рызҵаарақәа, акомпиутертә технологиақәа ахрархәареи ауааԥсыра рыбжьара арккаратә усурақәа рымҩаԥгареи. Апрограмма иалнаршоит 70% рҟынӡа аимҳәаду шьҭызкааз рышьақәыргылара, 80% рҟынӡа аимҳәаду змоу ауаа агәаҭарала ралакра, зчымазара гәыгәҭажьу раарԥшра, 85% рҟынӡа ичмазаҩу рыхәшәтәра алыршара, ачымазара 20% аларҟәра.
https://sputnik-abkhazia.info/20230119/asny-byzh-millionmaa-auzhkhoit-aimadu-zmou-rykhyshtraz---1043692207.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/03/1030675652_0:0:2731:2048_1920x0_80_0_0_91ae7df3cd8c2e9ff3f4bef8b309d91e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, агәабзиара
Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵаҟа аимҳәаду змоу рхыԥхьаӡара иагхеит
2023 шықәсазы аиҳабыра рхықәкытә программа инақәыршәаны ари аус иазоужьуп 7 миллион мааҭ аԥара.
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵаҟа Аԥсны аимҳәаду змоу рхыԥхьаӡара иагхеит ҳәа
арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аимҳәадуҿагыларатә диспансер аиҳабы Џьумбер Гоԥиа.
Иахьазы адиспансер аҿы 25-ҩык ачымазҩцәа шьҭоуп. Жәашықәса раԥхьа амедусҳәарҭаҿ аамҭак ала 90-ҩык рҟынӡа шьҭан.
Гоԥиа иажәақәа рыла, ачымазҩцәа адиспансер аҿы рыхәшәтәра ашьҭахь ахәшәтә терапиа роуеит. Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус руеит амбулатортә ҭыԥқәа. Уа ачымазцәа аҳәынҭқарратә программаҿ ишарбоу ала ахәшәқәа роуеит.
2023 шықәсазтәи апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтә. Иазоужьуп 7 миллион мааҭ. Апрограмма иамҽханакуеит аепидемиологиеи аимҳәаду аарԥшра астатистикеи, ачымазара азԥхьагәаҭареи адиагностикеи рызҵаарақәа, акомпиутертә технологиақәа ахрархәареи ауааԥсыра рыбжьара арккаратә усурақәа рымҩаԥгареи.
Апрограмма иалнаршоит 70% рҟынӡа аимҳәаду шьҭызкааз рышьақәыргылара, 80% рҟынӡа аимҳәаду змоу ауаа агәаҭарала ралакра, зчымазара гәыгәҭажьу раарԥшра, 85% рҟынӡа ичмазаҩу рыхәшәтәра алыршара, ачымазара 20% аларҟәра.
19 Ажьырныҳәа 2023, 15:29