Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны быжь-миллионмааҭ аужьхоит аимҳәаду змоу рыхәышәтәраз

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтожение старых банкнот в Банке России. Архивное фото
Уничтожение старых банкнот в Банке России. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Анапаҵаҩра
Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтә. Иазоужьуп 7 миллион мааҭ.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазтәи "Аԥсны ауааԥсыра аимҳәадуҿагыларатә цхыраара рыҭара аиӷьтәра" апрограмма.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит, апрограмма ишамҽханакуа аепидемиологиеи аимҳәаду аарԥшра астатистикеи, ачымазара азԥхьагәаҭареи адиагностикеи рызҵаарақәа, акомпиутертә технологиақәа ахрархәареи ауааԥсыра рыбжьара арккаратә усурақәа рымҩаԥгареи.
Ирыдкылаз аӡбра азырхоуп ачымазцәа ргәабзиара аҭҵаара, рыстационартәии рамбулатортәии ахәшәтәра, аимҳәаду аҿагыларатә методқәеи аформақәеи реиҿкаараҿ адунеитә лшамҭақәа рхархәара.
Апрограмма ахықәкы – Аԥсны аимҳәаду азы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара.
Сеть аптек Самсон-фарма - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Аԥсны
Аԥсны амедусҳәарҭақәа рзы ахәшәқәа раахәараз апрограмма шьақәырӷәӷәоуп
Апрограмма аусдҵақәа иреиуоуп:
Аимҳәаду амҽхак аилкаараз есышықәса хыԥхьаӡара рацәала афлиуорографиатә гәаҭарақәа рымҩаԥгара, амедгәаҭарақәа рыҿҳәарақәа рышьақәыргылара.
Ачымазара заанаҵы ашьақәыргылара иаԥырхагоу, ахәшәшьцылара зырҿио аионотерапиеи ахалаҽыхәшәтәреи ралмыршара.
АИХқәа рыла ауааԥсыра рыбжьара асанитар-рккаратә усурақәа рымҩаԥгара, аинформациа-рккаратә лекциақәеи хаҭалатә еиныррақәеи рымҩала.
Аимҳәадуҿагыларатә амбулатортә ҭыԥқәа русура аиӷьтәра, асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусура аиӷьтәра ачымазара аҿиара ҭыԥқәа рҿы.
Аимҳәаду змоу рыхәшәтәра ахәҭақәа зегь раан, ачымазҩцәа рҭаҩразы иаку аелектронтә база алагалара.
Еиԥҟьарада зхаҭабзиара ҳараку ахәшәқәа рыла ахәшәтәра аиҿкаара.
Аимҳәадуҿагыларатә хәшәқәа ицәырыргар зылшо ачымазарақәа рыхәшәтәраз хәшәыла аиқәыршәара.
Акадрқәа рҟазара ашьҭыхра, аҟазауаа ҿаарцәа радыԥхьалара.
Апрограмма иалнаршоит 70% рҟынӡа аимҳәаду шьҭызкааз рышьақәыргылара, 80% рҟынӡа аимҳәаду змоу ауаа агәаҭарала ралакра, зчымазара гәыгәҭажьу раарԥшра, 85% рҟынӡа ичмазаҩу рыхәшәтәра алыршара, ачымазара 20% аларҟәра.
Ажәабжьқәа зегьы
0