Аԥсны

Очамчыра араион аҿы хә-гектарк аҳаскьынҩа блит амца ахьацрарҵаз азы

Аҳаскьынҩа амца ахьацрарҵаз иахҟьаны ачаитә плантациақәа рахь ииасхьарц ак агымхеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Хә-гектарк рҟынӡа аҳаскьынҩеи абна аҵеи амца рыцралеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
"Ауаҩы инапала амхқәа, ауҭрақәа ррыцқьаразы адгьыл амца ахьацреиҵо азы абылрақәа акыр рҽеиҵырхит", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭоит ашәарҭара шыҟаз ачаитә плантациақәа рахь амца ииасуеит ҳәа.
Амца дырцәон Очамчыцра абылраҽацәыхьчаратә ҟәшеи ақыҭауааи. Амца аанкылан, иара убас амхқәа рцәаӷәеит амцакрақәа уаҳа иҟамларц азы.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит агәаҽанызаара аарԥшны аҳаскьынҩа амца ацрарымҵаларц, уи иахҟьаны заԥырҟәҟәаара уадаҩу аҭагылазаашьа бааԥсахьы икылнагар ахьауа азы.
Арадио
Ԥачлиа абнақәа рбылразы: анхацәа иаармарианы рыдәқәа ррыцқьара иашьҭоуп