Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥачлиа абнақәа рбылразы: анхацәа иаармарианы рыдәқәа ррыцқьара иашьҭоуп

Ԥачлиа абнақәа рбылразы: анхацәа иаармарианы рыдәқәа ррыцқьара иашьҭоуп
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Очамчыра арион аҿы иҟаз абылрақәа ртәы, насгьы аҭыԥан амцарцәаҩцәа аус шыруази, избан абылрақәа рхыԥхьаӡара акырӡа изрылцаз, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Очамчыра араион абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Ауаа иахьырҭаху амца адыркуеит, аӡәы имхы ирыцқьоит, егьи - иуҭра, даҽаӡәы ирахә рзы аҳаскьын ҿа гылоит ҳәа, абри ауп изыхҟьогьы абылрақәа ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы амцарцәаҩ.
"Ҳара ҳнеиаанӡа ҳәа иԥшуп, аха амца аԥша хара иагоит, аамҭа мцарцаз, аҩымсаг алоума, алабақәа рыла арцәара иалагароуп. Зегьынџьара ӡыла иузырцәаӡом, амашьынагьы знеиӡом. Мықә ааигәа амцакра аныҟаз, ақыҭа ахада аҷкәынцәа еизганы ҳара ҳнеиаанӡа амца арцәара далагахьан. Амца аанкыларазы зегьы еидгыланы аус руроуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥачлиа.
Аԥша аныҟоу ауп амца амҽхак анарҭбаауа, ауаҩы дазхәыцроуп инапы иахылҿиаар зылшо ҳәа азгәаиҭеит Мурман Ԥачлиа арадиоефир аҿы.
"Асовет аамҭазгьы аус ҳуан, аха асҟак абылрақәа ыҟаӡамызт. Агәам еизганы ирбылуан, аха уажәы иаармарианы арыцқьара иашьҭоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0