Аԥсны

Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына аиуит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа даҭааит, ачымазцәа дрыҿцәажәеит, амедусзуҩцәа алархәны аизара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына аиуит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиа лажәақәа рыла, ахәшәтәырҭаҟны ацхыраара лас аҟәша аартын ажьырныҳәа 1 азы, уи ашьҭахь амашьанықәа рзымхара иалагеит.
"Амашьынақәа ҳазхомызт. Иҳамаз ацхыраара лас амашьына ааԥхьарахь ицазар, ҳара даҽаџьара ҳзымцо, ачымазцәа ҳзаамго ҳаанхон", - лҳәеит лара.
Иара убас араионтә хәшәтәырҭаҿы аусура иаларган арентген аппарат. Аҳақьым хада агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ишиалҳәаз ала, ахәышәтәырҭа хымз арентгенда иҟан.
Едуард Быҭәба амедусҳәарҭа аусзуҩцәа русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит аминистрра ахәшәтәырҭа аҭахрақәа рынагӡаразы ацхыраара ишазыхиоу.