Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит ҩ-дронки Ми-8-и

Аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп 381 украинатә ҳаирплан, 205 вертолиот, 2 982 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ииасыз уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит ҩ-дронк, Ми-8, зныкҟьара ихысуа аракетатә система ахгәыцәқәа ԥшьба, арадарҿагыларатә ракетақәа HARM ҩба ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Запорожиатәи аобласт аиланхарҭа Новодаровка аҿы икарыжьит украинатәи авертолиот Ми-8. Иара убасгьы икарыжьит аԥырҩы дызҭам ҩ-хархәагак ЛЖәР аиланхарҭақәа Коломыичихеи Кременнаиеи рҿы, аицҭырҟьаратә система HIMARS-и "Урагани" рыхгәыцәқәа ԥшьба ДЖәР аиланхарҭақәа Константиновка, Никольское, Благовешьенка рҿи Запорожиатәи аобласт аиланхарҭа Трудолиубимовка аҿи", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Херсонтәи аобласт аҿы икарыжьит арадиолокациаҿагыларатә ракетақәа HARM.
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа иҭадырхеит аӷа иартиллериатә ҟәшақәа 73, аруааи атехникеи 138 раион рҿы.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп 381 украинатә ҳаирплан, 205 вертолиот, 2 982 аԥырҩы дызҭам ахархәага, 402 зениттә ракетатә комплекс, 7679 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи, 3 962 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 8 226
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа уахыки -ҽнаки рыла украинатәи аруаа 90-ҩык ҭадырхеит