Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи Арбџьармчқәа уахыки -ҽнаки рыла украинатәи аруаа 90-ҩык ҭадырхеит

© Sputnik / Сергей Филатов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоследствия обстрелов в Донецке
Последствия обстрелов в Донецке - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2023
Анапаҵаҩра
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 381 ҳаирплан, 204 вертолиот, 2980 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 402 зенит-ракетатә комплекс, 7670 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи.
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аладатәи архәҭа Донецктәи ахырхарҭаҟны уахыки-ҽнаки рыла Краматорсктәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ԥыржәеит, украинатәи аруаа 90-ҩык ҭадырхеит, 28 ак атехникеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп америкатәи ахгәыцәқәа M777, M109 Paladin иара убас ажәыларатә батареиа РЛС AN/TPQ-50, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иазгәаҭоуп, Донецктәи ахырхарҭаҟны Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аладатәи архәҭа ржәыларақәа ирыбзоураны ирзыманшәалоу аҭыԥқәа ааныркалеит, Курахови Антоновке араионқәа рҟны аӷа ааха ӷәӷәа ирҭеит ҳәа. Купиансктәии Краснолимансктәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки -ҽнаки рыла иҭархан 160-ҩык.
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа ргәыԥ "Восток" алада-донецктәии запорожтәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки-ҽнаки рыла Угледар араион аҟны абџьари аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ԥыржәеит, украинатәи аруаа шәҩык ҭархоуп, 10 ак атехника шьаҟьоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0