Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аиланхарҭа Благодатное ахы иақәиҭыртәит

Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 50-ҩык рҟынӡа аруаа, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Caesar" (Франциа), артиллериатә система М-777 (ЕАА), агаубица "МСТА-Б".
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Урыстәыла Аладатәи ар ргәыԥ аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа рыцхыраарала ажәыларатә гәыԥқәа ДЖәР аиланхарҭа Благодатное ахы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аусбарҭа.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы ааха аҭан УАМ амеханизациа зызуу 72-тәи абригада. Иҭархан 40-ҩык аруаа, такк, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба.
ДЖәР аиланхарҭақәа Угледари Катериновкеи иԥжәан артиллериатә џьаԥҳаныҵәахырҭақәа ҩба.
Купиантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи ар Харковтәи аобласт аҿы иҭадырхеит 45-ҩык аруаа, танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьына, агаубица Д-20.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭан УАМ 25-тәи аҳаир-десанттә бригадеи 95-тәи адесант-жәыларатә бригадеи, иҭархоуп 60-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Гвоздика" - ҩба, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба Херсонтәи аобласт аҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит ҩ-дронки Ми-8-и
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 84.
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аҳаирплан Ми-8 Золотые Балки аҿы (Херсонтәи аобласт), хә-дронк, аицҭырҟьаратә система HIMARS ахгәыцәқәа хԥа.
Урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ар џьаԥҳаныла реиқәыршәара еиԥнарҟьеит