Урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ар џьаԥҳаныла реиқәыршәара еиԥнарҟьеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота РСЗО на Запорожском направлении
Работа РСЗО на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2023
Анапаҵаҩра
Ахархәара рыҭан ахарантә икылкаан ихысуа абџьари аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, уи аан цәҟьараны ишьаз ахыбрақәа зегьы ааха рыҭан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Украина атәылахьчара-ааглыхратә комплекси атранспорттә системеи русура алзыршо аенергетикатә хыбрақәа ааха ду рырҭеит, абри атәы аанацҳауеит атәылахьчаратә усбарҭа.
"НАТО атәылақәа рҟынтәи Украинаҟа абџьари аџьаԥҳани раагара еиԥҟьоуп. Еиԥҟьоуп УАМ аибашьыга техника аремонти аиҭашьақәыргылареи мҩаԥызго ааглыхратә наплакқәа русура", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Купиансктәи ахырхарҭаҿы ааха шрыҭаз 103-тәи аҵакырахьчаратә бригада аруааи атехникеи, ишҭархо 30-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, автомашьынақәа ҩба, артиллериатә система М-777 (ЕАА), агаубица Д-20.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ амеханизациа зызуу 24-тәии 92-тәии абригадақәа рыҟәшақәа. Аӷа ицәыӡқәа иреиуоуп 40-ҩык ауааԥсыра, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа хԥа, агаубица Д-20, артиллериатә система М-777, УАМ артиллериатә џьаԥҳаны ашьҭаҵарҭа.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 80-ҩык аруаа, танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа хԥа, агаубица Д-20, ҩ-гаубицак Д-30, агаубица "МСТА-Б", артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin", арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы ааха рыҭан УАМ амеханизациа зызуу 72-тәи абригадеи 108-тәи аҵакырахьчаратә бригадеи. Уахыки-ҽнаки рыла Киев арҭ ахырхарҭақәа рҿы иацәыӡит 65-ҩык ауааԥсыра, атанкқәа акы, акәылӡмашьынақәа ҩба, агаубица Д-20, арадиолокациатә станциақәа AN/TPQ-37 ҩба.
Работа бойцов на передовой в зоне спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Урыстәылатәи аруаа Покровскынтәи Угледарҟа уназго амҩа ааныркылеит
Херсонтәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп: РСЗО "Град", артиллериатә система М-777, артиллериатә џьаԥҳаны ашьҭаҵарҭа.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит 79 рҟәша 102 раион рҿы. Иқәыцҟьаауп азенит-ракетатә комплекс С-300 арадиолокациатә станциа.
ПВО икарыжьит аҳаирплан Су-25, 11 украинатә дрон, 14 реактивтә хгәыцә асистемақәа "Ольха", "Ураган", "HIMARS" рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0