Аԥсны

Аԥсны ахәҭак алашара арцәара аамҭеихша ԥсахуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Аԥсны алашара арцәара аамҭеихша ԥсахуп Урыстәылантәи еиҳа еиҳаны афымца аарышьҭуа иахьалагаз азы. Абри азы адырра ҟанаҵоит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара зауа ахархәаҩцәа рзы иҟаз аамҭеихша шыҟац иаанхоит, избанзар Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара иацымлаӡацт. Ишьҭыҵуа иалагар, аамҭеихша дырԥсыҽуеит.