Аԥсны

Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит "Москва Аҩны" аҿы

Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Москва Аиҳабыра, Москва Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент, Москватәи аџьынџьуаа рыҩны рыдгыларала.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Апоет, актиор, абард Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз амузыкеи апоезиеи рыхәылԥаз мҩаԥысит "Москва Аҩны" аҿы ахәаша, жәабран 3 рзы.
Еицырдыруа актиорцәеи амузыкантцәеи инарыгӡон Высоцки иажәеинраалақәа, иашәақәа, испектакльқәа рцыԥҵәахақәа.
1 / 3

Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз

2 / 3

Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз

3 / 3

Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз

Владимир Высоцки изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан, Гагра, Пицунда, Аҟәа дырҭаахьан. Аусмҩаԥгатә аҿы ҳтәыла данаҭаауаз дызбахьаз ауаа ргәалашәарақәа еиҭарҳәон.
1972 шықәса рзы Высоцки афильм "Плохой хороший человек" аҿы инаигӡон ароль хадақәа руак, уи ҭырхуан Иаӷьатәи аӡхыҽҽа азааигәара. Усҟан Аҟәатәи афизика-техникатә институт аусзуҩцәа Аҟәа аконцерт риҭарц иацәажәеит. Уи аконцерт х-сааҭк раҟара ицон, ақәҿиара аманы имҩаԥысит.
Апоет, абард: Владимир Высоцки иархивтә фотосахьақәа
Амузыкеи апоезиеи рыхәылԥаз иаҭааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа, Россотрудничество, Аҟәа ахадара русзуҩцәа, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, урыстәылатәи аџьынџьуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас иаадыртит ацәыргақәҵа "Высоцкий в Абхазии".
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит Высоцки игәалашәаратә хәылԥазы