Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысит Высоцки игәалашәаратә хәылԥазы

© SputnikВ Сухуме прошел вечер памяти Высоцкого
В Сухуме прошел вечер памяти Высоцкого - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Анапаҵаҩра
85 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 25 рзы диит асовет поет, абард, 600 рҟынӡа ашәеи 200 инареиҳаны жәеинраалеи равтор, атеатри акинои рактер, СССР аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат Владимир Высоцки.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. Высоцки ииубилеи инадҳәаланы Алитература-музыкатә хәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа, ахаша ажьырныҳәа 25 рзы.
Ахәылԥаз аиҿкааҩцәас иҟан Россотрудничество ахаҭарнакцәа.
Аиԥыларахь инаԥхьан аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа, хаҭала апоет дыздыруаз ақалақь ауааԥсыра, иара убас ажурналистцәа.
Катя Высоковская, помощник капитана теплохода «Шота Руставели», Вольдемар Бруйе (мл.сын М.Влади), Марина Влади, Владимир Высоцкий, Любовь и Зиновий Высоковские во время круиза. Фото 1969 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Аԥсны
Высоцкии Аԥсни: асоветтә бард шәаҳәаҩи амшынеиқәатәылеи шеиҩызцәахаз
Россотрудничество ахаҭарнак Наталиа Каиун иазгәалҭеит Высоцки ишьаҭа Аԥсны ишаанижьыз. Асовет поет, абард ҳтәыла иаҭаареи араатәи иҩызцәеи ртәы инҭкааны иазааҭгылеит Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарацхелиаԥҳаи Абаза ТВ ажурналист Елеонора Гилоиани.
Алитература-музыкатә хәылԥаз аҟны дықәгылеит Владимир Высоцки хаҭала дыздыруаз аԥсуа шәаҳәаҩы, акомпозитор Слава Амҷба. Иара инаигӡеит асовет поет иашәақәа.
Амҷба Высоцки изы: ииҳәоз егьырҭ ирзыгәаӷьуамызт, иашәақәа ҳхәыцрақәа рныԥшуан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Арадио
Амҷба Высоцки изы: ииҳәоз егьырҭ ирзыгәаӷьуамызт, иашәақәа ҳхәыцрақәа рныԥшуан
Иара убас, Высоцки ииубилеитә хәылԥазы рҽазыҟарҵеит аҟәатәи ашколхәыҷқәагьы, ирыԥхьеит Высоцки иажәеинраалақәа, инарыгӡеит иашәақәа. Аӡәырҩы Высоцки ишизыҟоу атәы рҳәеит. Афбатәи ашкол аҵаҩы Константин Хәаџьаа еиҭеиҳәеит апоет ирҿиара азҿлымҳара шеиҭаз иабду данԥсы ашьҭахь.

"Исгәалашәеит санду ишеҭалҳәалоз, сабду Владимир Высоцки бзиа иибоз ашәаҳәаҩ, апоет иакәын ҳәа. Сыцәа аламҭалаз аинтернет сҭаланы иашәақәа сырзыӡырҩит, абас сиабадырит. Абар уажәшьҭа хы-шықәса ҵоит Высоцки иашәақәа сгәарԥханы сырзыӡырҩуеижьҭеи, срыԥхьоит иажәеинраалақәа. Сгәы иаанагоит макьаана акыр сизыӡырҩлоит ҳәа", - азгәеиҭеит Хәаџьаа.

Агәаларшәаратә хәылԥаз аҟны идырбан апоет дызлахәыз асоветтә сахьаркыратәи адокументалтәи афильмқәа, иара убас аконцертқәеи ирҿиаратә хәылԥазқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0