Аԥсны

Аԥсны ахәҭак алашара арцәара аамҭеихша аиҭакрақәа алагалоуп

Урыстәылантәи алашара зауа ахархәаҩцәа рзы афымца уахыки-ҽнаки ирҭагӡаны х-сааҭк ҳәа арцәара аамҭеихша ҿыц жәабран 4 рзы иаларгалеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәылантәи алашара зауа ахархәаҩцәа рзы алашара арцәара аамҭеихша аиҭакрақәа алагалоуп, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара аихшаразы жәабран 4 2023 шықәсазы иалагалаз алашара арцәара аамҭеихша аиҭакрақәа алагалоуп", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Урыстәылантәи алашара зауа ахархәаҩцәа рзы афымца уахыки-ҽнаки ирҭагӡаны х-сааҭк ҳәа арцәара аамҭеихша ҿыц жәабран 4 рзы иаларгалеит. ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара зауа раамҭеихша шыҟац иаанханы иҟоуп.
Акриптовалиута амаининг азы амаругақәа ахьаҿаркуа иахҟьаны афымцаҳақәа ирықәу аидара акыр иахьацлаз амшала алашара ҩаԥхьа еиҳа еиҳаны идырцәо иалагар алшоит."Амшынеиқәафымцамч" аҳәамҭа ҟанаҵеит алашара ҩаԥхьа хә-сааҭк ҳәа идырцәо иалагар шалшо.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" аҳәамҭа ҟанаҵеит алашара ҩаԥхьа хә-сааҭк ҳәа идырцәо иалагар шалшо