Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" аҳәамҭа ҟанаҵеит алашара ҩаԥхьа хә-сааҭк ҳәа идырцәо иалагар шалшо

© Foto / Facebook/РУП "Черноморэнерго"ВЛ Калдахуара
ВЛ Калдахуара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи алашара зауа ахархәаҩцәа рзы афымца уахыки-ҽнаки ирҭагӡаны х-сааҭк ҳәа арцәара аамҭеихша ҿыц жәабран 4 рзы иаларгалеит. ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара зауа раамҭеихша шыҟац иаанханы иҟоуп.
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Акриптовалиута амаининг азы амаругақәа ахьаҿаркуа иахҟьаны афымцаҳақәа ирықәу аидара акыр иахьацлаз амшала алашара ҩаԥхьа еиҳа еиҳаны идырцәо иалагар алшоит. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа излаауа авольтҳарак цәаҳәа "Ԥсоу" иазԥҵәаз аидара иазҳаит. Уи зыхҟьаз изакәанымкәа акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ахьаҿаркыз ауп", - ҳәа ануп аацҳамҭаҿы.
Урыстәылатәи аган ҳгәыҳҽаннаҵоит аидара еиҵамхар, иаарышьҭуа афымцалашара иаразнак иаҿырхуеит ҳәа.
Аусбарҭа ахархәаҩцәа рахь аҳәара дуӡӡа ҟанаҵоит афымцалашара иеиҷаҳаларц, изакәанымкәа афымцаҳақәа ирҿаԥшьу акриптовалиута арҳаразы амаругақәа аҿырхырц.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2023
Аԥсны
Аԥсны ахәҭак алашара арцәара аамҭеихша ԥсахуп
Аԥсны амаининг ақәиҭымтәразы Ақәҵара ареспублика аиҳабыра ирыдыркылеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. 2021 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы ари ақәиҭымтәра иацҵан 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, анаҩс 2023 шықәса анҵәамҭанӡа. Иара убасҵәҟьа атәылахь акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ралагаразгьы аԥкрақәа ирыцҵан.
Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны иара усгьы иазымхо афымцалашаратә система алшарақәа ахьмаҷу азы, аидара ахьырацәоу иахҟьаны амашәырқәа лассы-лассы иахьыҟало азы, иара убас уи ахархәара хра аманы иҟаларц аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0