Аԥсны

Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа 130 маининг-шьақәгыла аҿырхит жәабран 4 рзы

Аҳәынҭстандарт адыррақәа рыла, Аԥсны акриптовалиута арҳареи афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҿакреи рус аарԥшразы агәаҭарақәа мҩаԥыргоижьҭеи иаҿыхуп 5500 хархәага.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа 130 маининг-шьақәгыла аҿырхит жәабран 4 рзы, абри атәы иҳәеит аусбарҭа аиҳабы Роберт Киут. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Иацы Гәдоуҭеи Гагреи араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҟны агәаҭарақәа мҩаԥган, иаарԥшын иаҿыхын 130 маининг-шьақәгыла. Егьырҭ ахырхарҭақәа рыла адырра ҳамоуп, уи аусура иацаҳҵоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба акриптовалиута арҳара аҿагыларазы азҵаарақәа рылацәажәаразы аилатәара мҩаԥигеит амҽыша жәабран 5 рзы.
Аилатәараҟны "Амшынеиқәафымцамчи" Аҳәынҭстандарти рнапы ианҵан араионтә ҟәшақәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргарц.
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа закәаншьаҭада иҿаку амаругақәа аҿыхны ирымархлоит.
Аԥсны
Акриптовалиута арҳаразы амаининг аҿагылара иалацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны