Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акриптовалиута арҳаразы амаининг аҿагылара иалацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны

© Foto / пресс-служба Президента РАВице-президент Абхазии Бадра Гунба по поручению Президента Аслана Бжания провел рабочее совещание
Вице-президент Абхазии Бадра Гунба по поручению Президента Аслана Бжания провел рабочее совещание - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2023
Анапаҵаҩра
Аилацәажәараҟны закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аҿагыларазы ҳтәыла араионқәа рҟны иаԥҵоу аоперштабқәа русура дырӷәӷәарци, аԥыза-министр Александр Анқәаб хадара ззиуа Ареспубликатә штаба аԥҵареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Акриптовалиута арҳаразы амаининг аҿагылара иалацәажәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаз аилатәараҟны, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, ареспубликаҟны 10 миллионов кВт⋅сааҭ афымца рхы иадырхәоит, уи ала Урыстәылантәи иҳауа афымцалашара амҽхак аӡынреи-ааԥыни реиԥш ҭагалани-аӡынтәи аамҭазы иҳазхаӡом.

"Аиҳарак афымца ахархәара аизҳара- акриптовалиута арҳара иахҟьеит.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб иажәақәа рыла, "Амшынеиқәафымцамч" араионтә ҟәшақәа ақалақьи араиони рҟны иҟоу аҭагылазаашьа бзиаӡаны ирдыруеит, дара рыла акәымзаргьы, уезгьы закәаншьаҭада амаинингқәа рықәыргылара иалахәуп.
"Ҳара "Амшынеиқәафымцамчи" Аҳәынҭстандарти рыда акгьы ҳзыҟаҵом, шәара алшара шәымоуп аҩнқәа рҟны афымцаԥхьаӡагақәа шышьақәгылоу, русушьа, иаԥхьаӡо ргәаҭара. Ҳхы ажьара ҳаҿума? Амаининг-фермақәа змоу ирыхҟьаны атәыла ауааԥсыра лашарада иҟоуп. Уи зегьы арҭ амшқәа рыла еилаҳкааит. Урыстәылантәи афымцалашара амҽхак еиҳаны иҳаун- илҵшәадахеит. Зегьы иаразнак аппаратқәа аҿаркит", - иҳәеит аԥыза-аминистр.
"Амшынеиқәафымцамчи" Аҳәынҭстандарти рнапы ианҵоуп араионтә ҟәшақәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргарц, Аԥсны АШәМ-и ААР-и русзуҩцәа алархәны. Иара убас "Амшынеиқәафымцамч" есыҽны атәыла ауааԥсыра адырра рырҭалоит афымцамч ахархәаразы иҟоу арбагақәа.
Электрическая подстанция Витаминкомбинат в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2023
Аԥсны
Аԥсны ахәҭак алашара арцәара аамҭеихша аиҭакрақәа алагалоуп
Аԥсны амаининг ақәиҭымтәразы Ақәҵара ареспублика аиҳабыра ирыдыркылеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. 2021 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы ари ақәиҭымтәра иацҵан 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, анаҩс 2023 шықәса анҵәамҭанӡа. Иара убасҵәҟьа атәылахь акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ралагаразгьы аԥкрақәа ирыцҵан.
Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны иара усгьы иазымхо афымцалашаратә система алшарақәа ахьмаҷу азы, аидара ахьырацәоу иахҟьаны амашәырқәа лассы-лассы иахьыҟало азы, иара убас уи ахархәара хра аманы иҟаларц аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0