АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аредактор хада Манана Гәыргәлиа ажурналистика ахырхарҭаҟны лылшамҭақәеи шықәсырацәалатәи лусуреи рзы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.
Манана Гәыргәлиа диит жәабран 6 1957 шықәсазы Очамчыра. 1979 шықәсазы далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа афакультет. 1979 инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа акафедраҟны рҵаҩыс дыҟан.
1993 шықәса лаҵарамза инаркны 1995 шықәсанӡа Гәыргәлиа референтс дыҟан, уи ашьҭахь Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аинформациа-аналитикатә ҟәша напхгара алҭон.
1995-2003 шықәсқәа рзы аҳәынҭқарратә аинформаҵзура "Аԥсныпресс" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2003 шықәса рашәарамза инаркны 2014 жьҭаарамзанӡа "Аԥсныпресс" деиҳабын.
2020 шықәсазы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иусԥҟала аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" напхгара алҭеит Манана Гәыргәлиа.