https://sputnik-abkhazia.info/20230206/manana-gyrglia-asny-zasaztyz-azhurnalist-a-akh-lykhoup-1043994488.html
Манана Гәыргәлиа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп
Манана Гәыргәлиа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аредактор хада Манана Гәыргәлиа ажурналистика ахырхарҭаҟны лылшамҭақәеи шықәсырацәалатәи лусуреи... 06.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-06T23:23+0300
2023-02-06T23:23+0300
2023-02-06T23:23+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/06/1037449474_0:353:960:893_1920x0_80_0_0_711c51b3fb720494b00168d33ede940a.jpg
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аредактор хада Манана Гәыргәлиа ажурналистика ахырхарҭаҟны лылшамҭақәеи шықәсырацәалатәи лусуреи рзы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.Манана Гәыргәлиа диит жәабран 6 1957 шықәсазы Очамчыра. 1979 шықәсазы далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа афакультет. 1979 инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа акафедраҟны рҵаҩыс дыҟан.1993 шықәса лаҵарамза инаркны 1995 шықәсанӡа Гәыргәлиа референтс дыҟан, уи ашьҭахь Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аинформациа-аналитикатә ҟәша напхгара алҭон. 1995-2003 шықәсқәа рзы аҳәынҭқарратә аинформаҵзура "Аԥсныпресс" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2003 шықәса рашәарамза инаркны 2014 жьҭаарамзанӡа "Аԥсныпресс" деиҳабын.2020 шықәсазы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иусԥҟала аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" напхгара алҭеит Манана Гәыргәлиа.
https://sputnik-abkhazia.info/20150131/1013734628.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/06/1037449474_0:238:960:958_1920x0_80_0_0_8ba06f7426714a954319a152c7e783fc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Манана Гәыргәлиа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аредактор хада Манана Гәыргәлиа ажурналистика ахырхарҭаҟны лылшамҭақәеи шықәсырацәалатәи лусуреи рзы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.
31 Ажьырныҳәа 2015, 13:45
Манана Гәыргәлиа диит жәабран 6 1957 шықәсазы Очамчыра. 1979 шықәсазы далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа афакультет. 1979 инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа акафедраҟны рҵаҩыс дыҟан.
1993 шықәса лаҵарамза инаркны 1995 шықәсанӡа Гәыргәлиа референтс дыҟан, уи ашьҭахь Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аинформациа-аналитикатә ҟәша напхгара алҭон.
1995-2003 шықәсқәа рзы аҳәынҭқарратә аинформаҵзура "Аԥсныпресс" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2003 шықәса рашәарамза инаркны 2014 жьҭаарамзанӡа "Аԥсныпресс" деиҳабын.
2020 шықәсазы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иусԥҟала аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" напхгара алҭеит Манана Гәыргәлиа.