АҞӘА, ажь 31 – Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥсны раԥхьатәи аҳәынҭқарратә аинформациатә агентра "Аԥсныпресс" асабшаҽны амш иира азгәанаҭоит.
"Аԥсныпресс" 20 шықәсатәи аусура аамҭа иҭагӡаны амаҵзура шьақәгыларц, иҿиарц азы рлагала ду ҟарҵеит аԥсуа ажурналистцәа рацәаҩны: Руслан Ҳашыг, Изида Ҷаниа, Надежда Венедиктова, Зураб Аргәын, Анжела Кәычбериа, Индира Барцыц уҳәа.
"Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭазы хықәкыс иҳамаз Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа адунеи аларҵәара, аиаша аҳәара, Қырҭтәыла иоунажьуаз имцыз аинформациа аҿагылара акәын", – игәалаиршәоит "Аԥсныпресс" раԥхьатәи анапхгаҩы Беслан Гәырџьуа.
2003 шықәсазы амаҵзура дахагылеит, 11 шықәса инареиҳаны напхгара азызуаз Манана Гәыргәлиа. Лара лажәақәа рыла, аинтернет анцәырҵ нахыс агентра аусура еиӷьхеит.
"Аинтеренет аинформациа аҳәаақәа арҭбааит, иара абзоурала аинформациа аиура аҳәынҭқарра аҟны еиԥш уи анҭыҵгьы алшара ҟалеит. Аԥсны ицәырҵуа иалагеит еиуеиԥшым асаитқәа, иаҳҳәар ҳалшоит усҟан дара еиҳарак "Аԥсныпресс" аинформациа абзоурала ишьақәгылан ҳәа", – лҳәеит Гәыргәлиа.
2004 шықәса апериод азы Аԥсны аҩнуҵҟа аполитикатә процессқәа ирыхҟьаны "Аԥсныпресс" аркразы аҽазышәарақәа ыҟан. Ауаажәлар рыгәҭа уи ашьаҿа амасса-информациатә хархәагақәа рықәыӷәӷәара ҳәа ирыԥхьаӡеит. Аҟәа уи аҿагылара акциа мҩаԥган, уи ашьҭахь амаҵзура аусура иацнаҵеит.
2010 шықәса инаркны "Аԥсныпресс" асаит аҟны ԥсышәалеи, англыз бызшәалеи аматериалқәа цәырҵуа иалагеит.
Жьҭаарамза, 2014 шықәса инаркны "Аԥсныперсс" дахагылеит Рената Чагәаа. Лара излалҳәо ала, амаҵзура аиубилеи азы иҿыцу афункционал змоу асаит ахь ииасит. Уажәшьҭа урысшәалеи ԥсышәалеи ажәабжьқәа зныкала ицәырҵуеит.