Аԥсны

Sputnik амчыбжь: алашара арцәара, Ҭаҭарсҭан аусутә еиԥыларақәа, Высоцки игәаларшәара

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 30 жәабран 5 азтәи ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Sputnik

"Амшынеиқәафымцамч" аҿы амаҵзураныжьра

"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада и.н. Зураб Багаԥшь арзаҳал ҩны имаҵура аанижьит жәабран 1 азы. Жәабран 2 инаркны уи инапынҵақәа неигӡалоит аихшарҭатә ҳақәа рзы ихаҭыԥуаҩ Рамин Зингишьвили.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада и.н. имаҵура аанижьит

Сталинградтәи аибашьра агәалашәараз

Сталинградтәи аибашьраҿ игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра амш азы Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аслан Бжьаниа иеиԥш ауснмҩаԥгатә далахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
1942 шықәса ԥхынгәы 17 рзы излагаз 1943 шықәса жәабран 2 рзы ихыркәшахаз Сталинградтәи аибашьра иалахәын ҩ-миллионҩык инареиҳаны.
Аԥсны
Арратә аоркестр лыдныҳәалеит Аԥсны инхо Сталинградтәи аибашьра иалахәыз аԥҳәыс бырг

Аԥсны аделегациа Ҭаҭарсҭан аҟазаара

Ажьырныҳәа 30 инаркны жәабран 3 рҟынӡа Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациеи Ҭаҭарсҭан иҟан.
Аԥсуа делегациеи Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханови реиԥылараан аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылараҟны Минниханов иазгәеиҭеит ареспубликақәа русеицура аҿиаразы алшара шрымоу.
Аԥсны
Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицура иалацәажәеит Казань аиԥылараан
Аделегациа Ҭаҭарсҭан рыҟазаараан аекономика аминистрраҟни Аинвистициатә ҿиара амаҵзураҟни аиԥыларақәа мҩаԥыргеит, анаплакы "КАМАЗ", ақалақь Иннополис, атехнополис "Химград" ирҭааит, иҷыдоу аекономикатә зона "Алабуга" аусура ҭырҵааит.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аԥҵара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥҵан жәабран 5, 1979 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә институт ашьаҭала.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥҵан Жәлар ркомиссариат жәабран 4, 1932 шықәсазы иҟанаҵаз ақәҵарала, Агропедегогикатә институт ҳәа ахьыӡҵаны. 1933 шықәса рзы А.М.Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт ахь ииаган. 1979 шықәса рзы ААУ ҳәа иҟаҵан.адокумент инапы аҵеиҩит СССР Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы Алексеи Косыгин.
Иахьа Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҟны жә-факультетк рҟны аҵара рҵоит 2486-ҩык астудентцәа.

Алашара арцәара

Ииасыз амчыбжь азыизныкымкәа алашара арцәаразы аамҭеихша еиҭаркит. Жәабран 4 азы ишьақәдыргылаз аамҭеихшала алашара Урыстәылантәи иаауа зхы иазырхәо абонентцәа рзы х-сааҭк идырцәалоит. Аха анаҩс "Амшынеиқәафымцамч" аҿы иазгәарҭеит ацәаҳәақәа рлаӡара иахыҳәҳәо ахьанҭара рзышьҭымхыр аихшанҵа анҭыҵ алагьы алашара шдырцәало.
Аилахәыраҿ ирҳәеит афымцамч ахархәара шеиҳахаз, уи иҳауа алашара аҳәаақәа ирҭыҵыр урыстәылатәи аган алашара аашьҭра аиҟәыҵыр шалшо. Убри азы аилахәыра ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит аиҷаҳара аадырԥшларц.
Аԥсны
Аԥсны ахәҭак алашара арцәара аамҭеихша аиҭакрақәа алагалоуп

Шьазина Агрԥҳа лгәалашәараз

Ажьырныҳәа 30 азы Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фонд адиректор Шьазина Агрԥҳа лгәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фонд адиректор Шьазина Агрԥҳа лыԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 31, 2022 шықәсазы 64-шықәса дшырҭагылаз.
Ахәылԥаз иалахәын Шьазина лҩызцәа, лколлегацәа, иара убасгьы ахәылԥаз аҿы идырбан арежиссиор Ибрагим Чкадуа идокументалтә фильм "Шьазина".
Аԥсны
Шьазина Агрԥҳа лгәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы

Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны

Апоет, актиор, абард Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз амузыкеи апоезиеи рыхәылԥаз мҩаԥысит "Москва Аҩны" аҿы ахәаша, жәабран 3 рзы.
Еицырдыруа актиорцәеи амузыкантцәеи инарыгӡон Высоцки иажәеинраалақәа, иашәақәа, испектакльқәа рцыԥҵәахақәа.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Москва Аиҳабыра, Москва Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент, Москватәи аџьынџьуаа рыҩны рыдгыларала.
Аԥсны
Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит "Москва Аҩны" аҿы