Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицура иалацәажәеит Казань аиԥылараан

© Foto / MARSEL BADYKSHIN / Официальный сайт главы Республики Татарстан Встреча Президента Республики Татарстан Р.Н. Минниханова с делегацией Республики Абхазия
Встреча Президента Республики Татарстан Р.Н. Минниханова с делегацией Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 30 инаркны жәабран 3 рҟынӡа Аԥснытәи аделегациа аусутә ныҟәарала Казань иҟоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациеи Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханови аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Ҭаҭарсҭан ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны Минниханов иазгәеиҭеит ареспубликақәа русеицура аҿиаразы алшара шрымоу.
"Ҭаҭарсҭани Аԥсни реизыҟазаашьа аҭоурых ду амоуп. 1994 шықәса, нанҳәамзазы анапы аҵаҩын ареспубликақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аамҭа-аамҭала аԥснытәи аделегациақәа ҳреспубликаҿы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ирылахәхоит. Ҳреспубликақәа рыбжьара атауареикәыршара рацәамзаргьы, аха ашьҭыҵра иаҿуп", - иҳәеит иара.
Минниханов иажәақәа рыла, Ҭаҭарсҭан азыхиоуп Аԥсныҟа аидарамҩангагақәа "КАМАЗ", амашьынаргыларатә аалыҵ, ахимиеи анефҭи раалыҵ, амедицинатәии афармацевтикатәии тауар рааҭира, атуризм аусхк аҟны аусеицура. Уи адагьы ареспублика аҵакыраҿиара, ақалақьтә инфраструктура аԥҵара аусхк аҟны аԥышәа реимыдара.
Виды Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2022
Аԥсны
Аҟәеи Казани атуризм аусхк аҟны аус еицырулоит
Ажьырныҳәа 30 инаркны жәабран 3 рҟынӡа Аԥснытәи аделегациа аусутә ныҟәарала Казань иҟоуп. Имҩагоуп Ҭаҭарсҭан аекономика аминистрраҟни Аинвистициатә ҿиара амаҵзураҟни аиԥыларақәа, иазыԥхьагәаҭоуп анаплакы "КАМАЗ", ақалақь Иннополис, атехнополис "Химград" рҭаара, иҷыдоу аекономикатә зона "Алабуга" аусура аҭҵаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0