АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, ААР аусзуцәеи, Аҳәынҭстандарти, "Амшынеиқәафымцамчи" русеицура иабзоураны уахыки-ҽнаки рыла атәыла еиуеиԥшым араионқәа рыҟны ирылгоуп 367 амаининг шьақәгылақәа. Абри атәы аанацҳауеит АШәМ апресс-маҵзура.
Гагреи Пицундеи амаининг шьақәгылақәа быжьба рылгоп, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан - фба.
Гәылрыԥшь араион Мархьаул ақыҭан - 183 маининг шьақәгыла, Очамчыра - 48, Очамчыра араион Елыр ақыҭан - 96 маининг шьақәгылақәа.
Гал араион аҟны иԥшаан акриптовалиута зырҳауаз аферма, уаҟа аус руан 27 маининг шьақәгыла.
Иара убасгьы ақыҭақәа рыҟны игәаҭан уаанӡа иаҿырххьаз амаининг фермақәа, ҩаԥхьа аусура иаладыргаз ҳәа акагьы ԥшаамызт.