Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи авертолиот карыжьит Харьковтәи аобласт аҿы

2022 шықәса жәабран 24 раахыс урыстәылатәи аруаа икарыжьхьеит 385 ҳаирплан, 209 вертолиот.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи авертолиот Ми-8 карыжьит Харьковтәи аобласт аҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Иара убасгьы уахыки-ҽнаки рыла икажьуп украинатәи адронқәа 20, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактив хгәыцәқәа ԥшьба.
Авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит: УАМ 36-тәи амшыншьаҟауаа рыбригада акомандаҟаҵаратә ҭыԥ, 72-тәи амеханизациа зызуу абригада, 102-тәи аҵакыратә бригада, 92 артиллериатә ҟәшеиҵа, абылтәышьҭаҵарҭақәа, аибашьыга техника.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 65-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа ҩба, автомашьынақәа хәба, аицҭырҟьаратә ракетатә системақәа "Град".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп: 100-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа хԥа, апикапқәа ԥшьба, аицҭырҟьаратә ракетатә системақәа БМ-21 "Град", ҩ-гаубицак Д-20, ахаланыҟәа гаубица "Гвоздика".
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп: 135-ҩык украинатәи аибашьцәа, аицҭырҟьаратә система HIMARS аҭырҟьага шьақәгылақәа ҩба, х-танкк, акҽылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ааба, агаубицақәа Д-20, Д-30, агаубица "Гвоздика", арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50, 54-тәи амеханизациа зызуу абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 55 еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, агаубицақәа Д-20, Д-30; Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп агаубица "Акациа", агаубица "Мста-Б", 123-тәии 126-тәии аҵакырахьчаратә бригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа аа-гәыԥк украинатәи адиверсантцәа ҭадырхеит аоперациа ҷыдаан