Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа аа-гәыԥк украинатәи адиверсантцәа ҭадырхеит аоперациа ҷыдаан

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота расчетов артиллерийских установок "Акация" на Запорожском направлении
Работа расчетов артиллерийских установок Акация на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Анапаҵаҩра
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуи ишьуи рхыԥхьаӡара шәҩык рҟынӡа инаӡоит. Иҭархоуп ҩ-кәылӡмашьынак, ԥшь-автомашьынак, агаубица Д-30.
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аа-гәыԥк адиверсантцәа ҭархоуп аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа Купиансктәи ахырхарҭаҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Харковтәи аобласт аиланхарҭақәа Крахмальное, Масиутовка, Першотравневое, Тимковка, ЛЖәР аиланхарҭа Новоселовское рҿы иҭархоуп УАМ адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ааба" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иара абри ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ амеханизациа зызуу 14-тәи абригада, аҵакырахьчара 103-тәи абригада, аҵакырахьчара 113-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ амеханизациа зызуу 67-тәии 92-тәии абригадақәа, 25-тәи аҳаир-десанттә бригада. Ара иҭархоуп 65 украинатә еибашьҩы, аршьаҟауаа рмашьына, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, ҩ-гаубицак "Гвоздика", РСЗО "Град" ашьақәгыла.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 190-ҩык рҟынӡа аӷа ируаа, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, кәылӡымашьынак, х-автомобилк, агаубица "Мста-Б", америкатәи артиллериатә система М777, Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы - 60-ҩык инареиҳаны аруаа, ҩ-танкк, аибашьыгатә машьынақәа ԥшьба, акәылӡымашьынақәа ҩба, агаубицақәа Д-20, Д-30, иара убас зхала иныҟәо агаубица "Гвоздика".
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп агаубица "Гвоздика", агаубица Д-30. Арратә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи иқәырхит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 87, 112 раион рҟны аруаа арратә технике.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит HIMARS захьӡу ареактивтә снариадқәа реицҭырҟьаратә системақәа ааба, икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 11.
Работа гаубиц Мста-Б в южном секторе СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аиланхарҭа Краснаиа гора ахы иақәиҭыртәит
Ажәабжьқәа зегьы
0