Аԥсны

Афонд "Ашана" шә-нызқь мааҭ Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи руааԥсыра рзы иазнархиеит

Аԥарақәа аԥшьгаратә гәыԥ "Тәым гәырҩа ыҟам" иарҭеит. Дара роуп Аԥсны аԥареизгара мҩаԥызго.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" шә-нызқь мааҭ Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи руааԥсыра рзы иазнархиеит. Абри атәы аанацҳауеит афонд асоциалтә ҳақәа рҿы.
"Ауаа ргәырҩеи ррыцҳареи рыцеиҩаҳшоит. Иҭахаз рҭаацәарақәа ҳрыдышшылоит, зыԥсы еиқәхаз иаарласны ргәы бзиахарц анцәа ҳиҳәоит", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.
Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи 300 нызқь доллар рзыршьҭраны иҟоуп финанстә цхыраарак аҳасаб ала. 100 нызқь доллар Ҭырқәтәыла иазынашьҭхоит, 200 нызқь доллар – Шьамтәыла.
Арадио
Ҳапат Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ирзырхоу ацхыраара рырҭарц ргәы ишҭоу
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿ жәабран 11 рзы. Аҟәа имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерт аҟны еизган 150 нызқь мааҭ инареиҳаны.
Жәабран 9 рзы адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьырзеизыргаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа, Аԥсны АҶА аофис хадаҿы (Аконфедератцәа рымҩа, 12). Уа дарбанзаалак днеины ихәҭа алеигалар илшоит. Дамаск иҟоу аԥсуа цҳаражәҳәарҭа цхыраагӡак аҳасаб ала 10 миллионк шьамтәылатәи алир (100 нызқь мааҭ инареиҳаны) аларгалеит.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи 300 нызқь доллар рзыршьҭуеит