Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи 300 нызқь доллар рзыршьҭуеит

© Sputnik / Алексей СухоруковМонета номиналом один рубль на банкноте один доллар США.
Монета номиналом один рубль на банкноте один доллар США. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы адепутат Алхас Барцыц инапхгарала имҩаԥысит жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәа, аџьынџьуаа рымадара рзы Аилак аилатәара.
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи 300 нызқь доллар рзыршьҭуеит финанстә цхыраарак аҳасаб ала ҳәа иҳәеит Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Анри Барцыц. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
"100 нызқь доллар Ҭырқәтәыла иазынашьҭхоит, 200 нызқь доллар – Шьамтәыла", – иҳәеит иара.
Апарламенттә еиԥылараҟны иара убасгьы иалацәажәан арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь агуманитартә еидара ашьҭра азҵаара. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа иажәақәа рыла, аиҳарак ацхыраараз иаҭаху иреиуоуп ачашыла, ашьақар, ахәша, ахәыҷқәа рыфатә, иԥхоу амаҭәа, атрансформаторқәа.
Жәабран 9 рзы адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьырзеизыргаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа, Аԥсны АҶА аофис хадаҿы (Аконфедератцәа рымҩа, 12). Уа дарбанзаалак днеины ихәҭа алеигалар илшоит. Дамаск иҟоу аԥсуа цҳаражәҳәарҭа цхыраагӡак аҳасаб ала 10 миллионк шьамтәылатәи алир (100 нызқь мааҭ инареиҳаны) аларгалеит..
Кабинет министров - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Аԥсны
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи агуманитартә цхыраара рыҭара иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы
Аԥсны ахада Шьамтәыла ахада идигалеит аԥсабаратә рыцҳара ԥырхага знаҭаз ахәыҷқәа ареабилитациа Аԥсны иахысразы, иара уи дақәшаҳаҭхеит. Ацхыраара адгалан Ҭырқәтәылагьы. Ареспублика амчрақәа ирҳәеит АҶА аиқәырхаҩцәа ацхыраараз рынашьҭра ишазыхиоу, иара убасгьы хыҵакырҭада инхаз аҳәсеи ахәыҷқәеи рыдыркылар шрылшо.
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿ жәабран 11 рзы. Аҟәа имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерт аҟны еизган 150 нызқь мааҭ инареиҳаны.
Разрушения в Антакье вследствие землетрясения в Турции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
50 нызқь хыбра рҟынӡа ықәыргоит Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ашьҭахь
Ажәабжьқәа зегьы
0