Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳапат Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ирзырхоу ацхыраара рырҭарц ргәы ишҭоу

Хапат Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ирзырхоу ацхыраара рырҭарц ргәы ишҭоу
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысраан арыцҳара иақәшәаз рыцхрааразы Аԥсны еиҿкаау агәыразратә усқәа иззырхоу рызнагаразы лшарас иҟоу, азҵаара шырӡбо атәы еиҭеиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.
Аԥсны аиҳабыра 300 нызқь доллар рзоурыжьуеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысрақәа раан арыцҳара иақәшәаз. Урҭ рахьтә 100 нызқь доллар рзыршьҭырц ауп Ҭырқәтәылаҟа, 200 нызқь доллар Шьамтәылаҟа.
Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрраҿы иҳаҩсыз амчыбжь инаркны Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭаразы агуманитартә еидара рыдыркылоит. Атәыла ауааԥсыра инаргоит амаҭәа ԥхақәа, ахызақәа, афатә аалыҵқәа, аӡрыжәтә, аҽрыцқьаразы ахархәагақәа.
Агуманитартә цхыраара аизгаразы аиҿкааратә зҵаарақәа рымҩаԥысшьа, ааха зауз Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рраионқәа рахь анагара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәан Жәлар Реизараҟны.
Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат арадиоефир аҟны ицәажәараан иазгәеиҭеит агуманитартә еидара Аԥсны ахаҭарнакцәа хаҭала арыцҳара иақәшәаз ирызнаргар иаҳа ибзиан ҳәа шиԥхьаӡо.
"Уажәы ҳалацәажәоит ари ацхыраара ԥараны идәықәаҳҵо, амаҭәа, афатә аахәаны иҳашьҭуа ҳәа. Макьана аҵыхәтәанынӡа иаҳмыӡбацт… Ливан Шьамтәыла иазааигәоуп. Апарламент аҟынтәи хҩы-ԥшьҩы еицны идәықәҵазар, ауаа иаҳа ирҭаху ҳәа еилкааны, ирзаахәаны Шьамтәылаҟа ирызнаргарц. Аҩбатәи авариант - аԥара Шьамтәыла аиҳабыра ирыҭазарц. Сгәаанагарала, иаҳа иԥшӡахоит иаахәаны ҳара ираҳҭар. Ажәларгьы ирымбои Аԥснынтә иаҳзааит ҳәа. Ус иаҳа ибзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҭырқәтәыла акәзар, уа ирацәаны ҳашьцәа адыгацәа, ачерқьезцәа, аҟабардацәа ахьынхо ааха роуит. Мараш ҳәа ақалақьи уи иазааигәоу 21 ақыҭақәеи рҟны ҳашьцәа нхон. Даараӡа агәаҟра иақәшәеит, уахь ахьҭақәа ыҟоуп. Ақалақь аҿы инхоз 400-ҩык хабарда иҟоуп, 25-ҩык ҭахеит ҳәа ҳдыруеит. Иахьынхо рымаӡам. Ҭырқәтәыла иҟоу афедерациа аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит аамҭалатәи анхарҭа ҭыԥқәа рзыҟаҵаразы ирыцхраазарц. Уажәы Аԥсны аҳәынҭқарра иҟарҵо аԥарала ацхыраара уахь идәықәҵазарц иалацәажәоит", - иҳәеит Ҳапат.
Иара иазгәеиҭеит алогистика аганахьала Ҭырқәтәылаҟа аидара агаразы уадаҩра шыҟам, убри аҟынтә ауаа зда ԥсыхәа рымам афатәи, аӡи ӷбала рзыршьҭразы Аԥснынтәи алшарақәа шыҟоу.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0