АҞӘА, хәажәкыра 10– Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахбанк алагалақәа ршәаразы" инақәыршәаны алагалақәа ырхынҳәхоит.
Сынтәатәи ашықәс азы алагалақәа рызшәахоит:
1990 шықәса рҟынӡа ииз атәыла ауааԥсыреи урҭ рышьҭрақәлаҩцәеи, 01.04.2003-20.01.2004 шш. аиҭашәҟәҭагалара иахысыз;
1990 шықәса рҟынӡа ииз атәыла ауааԥсыреи урҭ рышьҭрақәлаҩцәеи, 01.10.2012-31.12.2012 шш. аиҭашәҟәҭагалара иахысыз;
1990 шықәса рҟынӡа ииз атәыла ауааԥсыреи урҭ рышьҭрақәлаҩцәеи, 06.04.2015-29.05.2015 шш. аиҭашәҟәҭагалара иахысыз;
Аԥарашәара иаҵанакуа арзаҳалқәа наргар рылшоит иахьынхо араион ахадарахь.
2011 - 2021 шықәсқәа рыҩнуҵҟа аԥара алазҵахьаз ирзырхынҳәуп 178 миллион мааҭ. Аԥарақәа рыҭоуп 13 нызқьҩык ауааԥсыра. 2022 шықәсазы ари аус азы иарбан 4 миллион мааҭ.