Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Еилкаахеит асовет аамҭаз абанк ахь иҟаҵаз алагалақәа 2023 шықәсазы рырхынҳә зауа

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыдача пенсий
Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2023
Анапаҵаҩра
1992 шықәса нанҳәа 14 рҟынӡа абанк ахь иҟазҵаз рлагалақәа ырхынҳәхоит.
АҞӘА, хәажәкыра 10– Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахбанк алагалақәа ршәаразы" инақәыршәаны алагалақәа ырхынҳәхоит.
Сынтәатәи ашықәс азы алагалақәа рызшәахоит:
1990 шықәса рҟынӡа ииз атәыла ауааԥсыреи урҭ рышьҭрақәлаҩцәеи, 01.04.2003-20.01.2004 шш. аиҭашәҟәҭагалара иахысыз;
1990 шықәса рҟынӡа ииз атәыла ауааԥсыреи урҭ рышьҭрақәлаҩцәеи, 01.10.2012-31.12.2012 шш. аиҭашәҟәҭагалара иахысыз;
1990 шықәса рҟынӡа ииз атәыла ауааԥсыреи урҭ рышьҭрақәлаҩцәеи, 06.04.2015-29.05.2015 шш. аиҭашәҟәҭагалара иахысыз;
Аԥарашәара иаҵанакуа арзаҳалқәа наргар рылшоит иахьынхо араион ахадарахь.
2011 - 2021 шықәсқәа рыҩнуҵҟа аԥара алазҵахьаз ирзырхынҳәуп 178 миллион мааҭ. Аԥарақәа рыҭоуп 13 нызқьҩык ауааԥсыра. 2022 шықәсазы ари аус азы иарбан 4 миллион мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0