Аԥсны

Аԥсны амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит

Гал араион аҟны хәажәкыра 12 рзы арратә техникеи аилазаареи неины амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзуреи хымштәи рҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны атеррористтә жәыларақәа рҿагыларазы аусмҩаԥгатәқәа ирҿызаауеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
"Аиҳарак азхьаԥшра рыҭан аӡымҩангагақәа аҿкы рыбжьаҵаразы иҟоу аинформациа агәаҭараз ауснагӡатәқәа, аҳәынҭқарра амчратә обиект амина аҵоуп ҳәа иҟаз адырра ирласны аҭҵаара", - ҳәа аҳәоит авидео аҿы.
Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут иажәақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ирхықәкуп аҭагылазаашьа шәарҭа аан аӷа идиверсиатә, итеррористтә уҳәа усқәа раԥырҟәҟәаара. Иара иҳәеит асеиԥш аҽазыҟаҵарақәа уаанӡагьы ишымҩаԥыргоз, аха иалахәыз рхыԥхьаӡара шеиҵаз.
Аҽазыҟаҵарақәа рмасштаб жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иахьырԥшуп.
Аԥсны
Аԥсны амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Гал араион аҟны
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа иҟалар зылшо аҭагылазаашьақәа иахьынӡалшо ирзааигәатәтәуп ҳәа.
"Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагалоит атеррористҿагыларатә шәарҭара аԥырҟәҟәааразы. Урҭ ирылахәу дара-дара еибадыруазароуп, еиныруазароуп, рҿаԥхьа иқәдыргыло аусқәа еишьашәаланы инарыгӡозароуп", - иҳәеит иара.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иҳәеит Аԥсны ААР иатәу ирласны аҭакҟаҵара иазку иҷыдоу аотриад алахәылацәа итҟәоу рхақәиҭтәра, аҳәаа иақәлаз рабџьархыхра ирзырхоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит ҳәа.
Азинтә мчрақәа рнапхгаҩцәа аҽазыҟаҵарақәа актәи ретап шцаз бзиоуп ҳәа ахә ршьеит – иаарԥшын апрофессионализм ҳараки анапхгаратә лшарақәеи.
Аԥсны
Иаанкыланы рҭархара: Аҟәа "атеррористцәа" шықәырхыз