Аԥсны

Аветеренартә ҳақьым хада: Қырҭтәылантәи арахә закәаншьаҭада ралагалара аанкылатәуп

Аветеринар иажәақәа рыла закәаншьаҭада иаларгало арахә аӡәгьы иҭиҵааӡом, убри азы урҭ аҿкчымазарақәа аладырҵәар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа арахә закәаншьаҭада ралагалара аанкылатәуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.

Иара иажәақәа рыла закәаншьаҭада иаларгало арахә аӡәгьы иҭиҵааӡом, убри азы урҭ аҿкчымазарақәа аладырҵәар ҟалоит.

"Ауаҩы илшаӡом авирустә инфекциақәа зегьы раанкылара, аха урҭ реиҵатәра ауеит. Уи азы иҟаҵатәузеи? Иаарымгалааит Қырҭтәылантәи арахә, аԥсаатә. Аиҳарак иаарго аџьмақәеи ауасақәеи роуп. Ари аанкылатәуп аҿкчымазарақәа рҽдмырҭбаарц азы. Қырҭтәыла адунеи атәылақәа жәпакы ирныруеит, уахьынтәгьы аҿкрақәа шьҭыркаар алшоит" - иҳәеит Џьопуа.
Ареспубликахь иаларгалар алшо, еиҳа ишәарҭоу чымазароуп амырзачымазара. Уи аҭыԥантәи арахәааӡара анырра бааԥсны иазнаур алшоит.
Арадио
Аветеринар агыгшәыг зыцҳаз арахә рзы: акәац ауаҩы ихы изархәаӡом
Роман Џьопуа иазгәеиҭеит аветеринартә маҵзура амацара аҳәаа зегьы шазымхьчо. Иахьазы амаҵзура аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа руак аҿоуп иахьгылоу.
"Ҳусбарҭа зегь ахылаԥшра рырҭартә алшарақәа амаӡам. Ари аус аветеринартә маҵзура аиԥш егьырҭ амаҵзурақәагьы хылаԥшра арҭуазароуп. Аветеринартә маҵзура зинхьчаратә усбарҭаӡам", - иҳәеит иара.
Иара убасгьы иҳәеит арахә алаҵа рзыҟаҵара шхымԥадатәиу. Иаҳҳәап сибратәи адоучымазара изныкымкәа Аԥсны ахы аанарԥшхьеит. Иара шәарҭоуп адгьыл аҿы уаанӡатәи арахәржырҭақәа ыҟанаҵы.
"Есышықәса ахәшә аахәаны араионтә ҟәшақәа ирзеихаҳшоит, аха алаҵа аҟаҵара рацәак ргәы ақәыркуам. Адоу зыхьуа маҷуп, аха ареспубликаҿы изныкымкәа ашьҭа аабахьеит, ус анакәха ашәарҭара еиқәханы иҟоуп. Убри азоуп есышықәса алаҵаҟаҵара заҭаху", –иҳәеит Џьопуа.
Алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит ашьапархь, аҵәыбзы рганахь алагьы. Урҭ ауаҩы изгьы ишәарҭахар алшоит.
Арадио
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Кәартааԥҳа арахә ааӡара иазкны