https://sputnik-abkhazia.info/20230316/aveterenart-aym-khada-yrtylanti-arakh-zakanshaada-ralagalara-aankylatup-1044662424.html
Аветеренартә ҳақьым хада: Қырҭтәылантәи арахә закәаншьаҭада ралагалара аанкылатәуп
Аветеренартә ҳақьым хада: Қырҭтәылантәи арахә закәаншьаҭада ралагалара аанкылатәуп
Sputnik Аҧсны
Аветеринар иажәақәа рыла закәаншьаҭада иаларгало арахә аӡәгьы иҭиҵааӡом, убри азы урҭ аҿкчымазарақәа аладырҵәар ҟалоит. 16.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-16T13:50+0300
2023-03-16T13:50+0300
2023-03-16T14:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102896/66/1028966632_0:317:3077:2047_1920x0_80_0_0_d79dd621e34fef647046d4d73fa5c251.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа арахә закәаншьаҭада ралагалара аанкылатәуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа. "Ауаҩы илшаӡом авирустә инфекциақәа зегьы раанкылара, аха урҭ реиҵатәра ауеит. Уи азы иҟаҵатәузеи? Иаарымгалааит Қырҭтәылантәи арахә, аԥсаатә. Аиҳарак иаарго аџьмақәеи ауасақәеи роуп. Ари аанкылатәуп аҿкчымазарақәа рҽдмырҭбаарц азы. Қырҭтәыла адунеи атәылақәа жәпакы ирныруеит, уахьынтәгьы аҿкрақәа шьҭыркаар алшоит" - иҳәеит Џьопуа. Ареспубликахь иаларгалар алшо, еиҳа ишәарҭоу чымазароуп амырзачымазара. Уи аҭыԥантәи арахәааӡара анырра бааԥсны иазнаур алшоит. Роман Џьопуа иазгәеиҭеит аветеринартә маҵзура амацара аҳәаа зегьы шазымхьчо. Иахьазы амаҵзура аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа руак аҿоуп иахьгылоу. "Ҳусбарҭа зегь ахылаԥшра рырҭартә алшарақәа амаӡам. Ари аус аветеринартә маҵзура аиԥш егьырҭ амаҵзурақәагьы хылаԥшра арҭуазароуп. Аветеринартә маҵзура зинхьчаратә усбарҭаӡам", - иҳәеит иара. Иара убасгьы иҳәеит арахә алаҵа рзыҟаҵара шхымԥадатәиу. Иаҳҳәап сибратәи адоучымазара изныкымкәа Аԥсны ахы аанарԥшхьеит. Иара шәарҭоуп адгьыл аҿы уаанӡатәи арахәржырҭақәа ыҟанаҵы. "Есышықәса ахәшә аахәаны араионтә ҟәшақәа ирзеихаҳшоит, аха алаҵа аҟаҵара рацәак ргәы ақәыркуам. Адоу зыхьуа маҷуп, аха ареспубликаҿы изныкымкәа ашьҭа аабахьеит, ус анакәха ашәарҭара еиқәханы иҟоуп. Убри азоуп есышықәса алаҵаҟаҵара заҭаху", –иҳәеит Џьопуа. Алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит ашьапархь, аҵәыбзы рганахь алагьы. Урҭ ауаҩы изгьы ишәарҭахар алшоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230304/aveterinar-agygshyg-zytsaz-arakh-rzy-akats-auay-ikhy-izarkhaom--1044404575.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221017/aya--nkhara-yup-kartaaa-arakh-aaara-iazkny--1042077630.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102896/66/1028966632_0:0:2729:2047_1920x0_80_0_0_4e4549ba452b5b37c9097f587c9f214f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аветеренартә ҳақьым хада: Қырҭтәылантәи арахә закәаншьаҭада ралагалара аанкылатәуп
13:50 16.03.2023 (ирҿыцуп: 14:06 16.03.2023) Аветеринар иажәақәа рыла закәаншьаҭада иаларгало арахә аӡәгьы иҭиҵааӡом, убри азы урҭ аҿкчымазарақәа аладырҵәар ҟалоит.
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа арахә закәаншьаҭада ралагалара аанкылатәуп ҳәа
арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла закәаншьаҭада иаларгало арахә аӡәгьы иҭиҵааӡом, убри азы урҭ аҿкчымазарақәа аладырҵәар ҟалоит.
"Ауаҩы илшаӡом авирустә инфекциақәа зегьы раанкылара, аха урҭ реиҵатәра ауеит. Уи азы иҟаҵатәузеи? Иаарымгалааит Қырҭтәылантәи арахә, аԥсаатә. Аиҳарак иаарго аџьмақәеи ауасақәеи роуп. Ари аанкылатәуп аҿкчымазарақәа рҽдмырҭбаарц азы. Қырҭтәыла адунеи атәылақәа жәпакы ирныруеит, уахьынтәгьы аҿкрақәа шьҭыркаар алшоит" - иҳәеит Џьопуа.
Ареспубликахь иаларгалар алшо, еиҳа ишәарҭоу чымазароуп амырзачымазара. Уи аҭыԥантәи арахәааӡара анырра бааԥсны иазнаур алшоит.
Роман Џьопуа иазгәеиҭеит аветеринартә маҵзура амацара аҳәаа зегьы шазымхьчо. Иахьазы амаҵзура аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа руак аҿоуп иахьгылоу.
"Ҳусбарҭа зегь ахылаԥшра рырҭартә алшарақәа амаӡам. Ари аус аветеринартә маҵзура аиԥш егьырҭ амаҵзурақәагьы хылаԥшра арҭуазароуп. Аветеринартә маҵзура зинхьчаратә усбарҭаӡам", - иҳәеит иара.
Иара убасгьы иҳәеит арахә алаҵа рзыҟаҵара шхымԥадатәиу. Иаҳҳәап сибратәи адоучымазара изныкымкәа Аԥсны ахы аанарԥшхьеит. Иара шәарҭоуп адгьыл аҿы уаанӡатәи арахәржырҭақәа ыҟанаҵы.
"Есышықәса ахәшә аахәаны араионтә ҟәшақәа ирзеихаҳшоит, аха алаҵа аҟаҵара рацәак ргәы ақәыркуам. Адоу зыхьуа маҷуп, аха ареспубликаҿы изныкымкәа ашьҭа аабахьеит, ус анакәха ашәарҭара еиқәханы иҟоуп. Убри азоуп есышықәса алаҵаҟаҵара заҭаху", –иҳәеит Џьопуа.
Алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит ашьапархь, аҵәыбзы рганахь алагьы. Урҭ ауаҩы изгьы ишәарҭахар алшоит.