Аԥсны

Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы

Марттәи ажәылара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра инарылукааша илахьеиқәҵагоу арыцхәқәа иреиуоуп, аибашьра амца иалагылаз рҟынтә иҭахеит 222-ҩы аԥсуа еибашьцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа, хәажәкыра 16 рзы, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалахәын Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аҵеицәа рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы.
Арадио
Тәанԥҳа аибашьра аҭоурых аҿар дырдырразы: иааиуа зегьы рылаӷырӡ рҿаҳәҳәы ицоит
Март 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит ақырҭуа ар рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Аоперациа адҵаҟаҵаҩыс даман аинрал Сергеи Дбар.
Асааҭ 0:45 азы аԥсуа ар аӷа ихыбрақәа авиациа-артиллериатә мчрақәа ргәыдырҵеит. Урҭ ирышьҭанеиуан аршьаҟауаа.
Аханатә ажәылара қәҿиарала иалагеит, аха нас ақырҭқәа рымчқәа еидыркылеит. Ҳаибашьцәа хаха-хымш рышьҭахь ахымца иаҵагыланы ахьаҵра иалагар акәхеит. Аоперациа амҩаԥгараан иҭахеит 222-ҩы, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Арадио
Смыр Марттәи ажәыларазы: адгылара ҟалазҭгьы, Аҟәа ҭаҳарцәуан