Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Смыр Марттәи ажәыларазы: адгылара ҟалазҭгьы, Аҟәа ҭаҳарцәуан

Смыр Марттәи ажәыларазы: адгылара ҟалазҭгьы, Аҟәа ҭаҳарцәуан
Анапаҵаҩра
Ешыра-Афонтәи абатольон, актәи арота акомандир, Аԥсны Афырхаҵа Рауль Смыр арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит 30 шықәса раԥхьа имҩаԥысуаз ажәылара атәы, уи ахәшьара аиҭеит.
1993 шықәса хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, рнапаҿы иааргеит ихадаз астратегиатә ҳаракырақәа, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Ари ишьаарҵәыраз ажәылараан иҭахеит 222 аԥсуа еибашьцәа. 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ажәылара ахықәкы шынамӡазгьы, аветеранцәа иазырԥхьаӡоит иара аибашьра ацашьа аԥсахит, аиааира иахыҵхырҭахеит ҳәа.
"Аҷкәынцәа аӡы ирны гәышԥыла ахы иаҿагылан. Абџьар змамызгьы аҷкәынцәа ҳацны ицеит. Раԥхьа аӡы ҳаныр, Матуа Гарри ҳәа иҳацыз, иахьа уажәраанӡагьы иԥсыбаҩ ҳмоуӡац, аӷа ҳанааиҿагыла, абџьар икымызт, уи раԥхьа даҳцәыршьит. Ҳара иҳалшоз ала ҩныцыԥхьаӡа иҭарцәны ԥхьаҟа ҳцон, аҷкәынцәа шҭахозгьы. Ҳҿаԥхьа иқәгылаз адҵа наҳагӡеит, рациала ираҳҳәон, шәааи зегьы ҭацәуп ҳәа, аха имааиз ҟалеит. Ишаҭахыз имгылаӡеит. Адгылара ҟалазҭгьы, Аҟәа ҭаҳарцәуан. Ақырҭцәа рнапы шьҭыхны рыҽҳарҭон, убраанӡа ҳнеихьан, аха илашьцеит, атанкқәа дәықәлеит…", - ҳәа игәалаиршәоит Смыр.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0