Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Тәанԥҳа аибашьра аҭоурых аҿар дырдырразы: иааиуа зегьы рылаӷырӡ рҿаҳәҳәы ицоит

Тәанԥҳа аибашьра аҭоурых аҿар дырдырразы: иааиуа зегьы рылаӷырӡ рҿаҳәҳәы ицоит
Анапаҵаҩра
Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аҿы 30 шықәса зхыҵыз Марттәи ажәылара инамаданы еиҿкаауп агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Марина Тәанԥҳа. Лара убасгьы дазааҭгылеит, амузеи ахь инеиуа аҿар аибашьра аҭоурых ахьынӡардыруа атәы.
Хәажәкыра 15-16 рзы Ешыратәи амузеи иазнархиеит апрограмма. Арҭ амшқәа рзы ирҭаауа ирбар рылшоит ажәылараан иҭахаз 222-ҩы аибашьцәа рыхьӡақәа, урҭ ргәалашәара аҳаҭыраз иаркуп 222 цәашьы.
Иара убри адагьы амза 16 рзы иҟалоит агәалашәаратә хәылԥазы.
"Ааԥхьара рымоуп аибашьцәа, аҭаацәа, ақыҭауаа. Ахәылԥаз алагоит 16:00 сааҭ рзы. Асааҭ 19:00 рзы Ешыратәи ацҳаҿы Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу акомплекс зегьы ҳарлашарц ҳгәы иҭоуп", - лҳәеит Тәанԥҳа.
Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы еиҭалҳәеит, аҿар аибашьра аҭоурых аҿы ишьаарҵәырахаз арыцәхәқәа шырдыруа атәы, ирбо ираҳауа ргәаҟынӡа ишнарго.
"Иааиуа зегьы рылаӷырӡ рҿаҳәҳәы ицоит. Ргәаҟынӡа инаргоит ахҭыс ахьаа ду зцу, уи убартә иҟоуп. Еиҭаҳҳәо, ирбо ахроника иазхәыцуеит. Аҭоурых аганахьала иазырхианы исымоу азҵаарақәа рҭак аҟаҵашьа уамашәа иубартә иҟоуп. Азыҟаҵара бзиа рымоуп, адырра бзиа рымоуп. Арҵаҩцәа агәцаракра шыҟарҵо убартә иҟоуп", - ҳәа азгәалҭеит Тәанԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0