Аԥсны

Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭеихшанҵа еиҭакуп

Урыстәылантәи алашара аашьҭра ианаҟәыҵ ашьҭахь Аԥсны иахьаҵанакуа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа хԥа-хԥа сааҭ алашара дырцәалоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Афымцалашара арцәара аамҭеихшанҵа еиҭакуп хәажәкыра 25 инаркны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Уажәшьҭарнахыс Аԥсны иахьаҵанакуа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа хԥа-хԥа сааҭ алашара дырцәалоит.

Аамҭеихша ҿыц аларгалеит Урыстәылантәи алашара аашьҭра иаҟәыҵны ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара ҳауа ҳахьалагаз азы.
Аӡынразы Аԥсны ахатәы лшарақәа ахьазымхоз азы аҳәара ҟаҵан Урыстәылантәи алашара аарышьҭразы. Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара аиуан. Убри аан алашара арцәара аамҭа ааныжьын, 4-8 сааҭ рҟынӡа.